Затулин: Урыстәыла аԥсуа жәлар ргәы иалнахуа идгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукКонстантин Затулин
Константин Затулин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны ахада иалхраан Аԥсныҟа иааз, ареспублика аполитикатә мчрақәа зегьы аҭынчра аадырԥшырц аҳәара ҟаиҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхрақәа аԥсуа жәлар рыҩныҵҟатә ус ауп, Москва акәзар, Аԥсны ажәлар ргәы иалнахыз дарбанызаалак адгылара инаҭоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат, ИАР атәылақәа русқәа рзи, евразиатәи аинтеграциази, аџьынџьуаа реиныррази аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

"Ҳара акандидатцәа зегьы ҳзеиԥшны иҳаԥхьаӡоит. Ибзианы иаадыруеит Аԥсны Урыстәыла ишақәгәыӷуа. Алхрақәа ирылҵшәаны Аԥсны Урыстәыла мап ацәызкша аӡәы дҟалап ҳәагьы агәра ҳазхаҵом" ҳәа иҳәеит урыстәылатәи адепутат.

Затулин ааԥхьара риҭеит аполитикатә мчрақәа аҭынчра ашьақәҟьара алдмыршарц азы.

"Аԥсны алхыҩцәа иалырхлак дарбанызаалак алхрақәа рылҵшәақәа азхарҵоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Аамҭақәак раан Аԥсны аҭыԥ змаз аибарххарақәагьы ҟаларым ҳәа сыҟоуп" ҳәа иҳәеит иара.

Затулин Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит анаԥшыҩцәа еилагара рацәак ыҟан ишазгәарымҭац.

"Гәдоуҭа араион аҟны абжьыҭиҩҩы ибиуллитень афото ҭихит. Уи азин ыҟам. Абри аус ашәҟәы иҭагалан. Иазгәасҭар сҭахуп абжьыҭирҭа кабинақәа шаарту асеиԥш иҟоу аусқәа ҟамларазы" ҳәа иҳәеит иара.

Урыстәылатәи адепутат игәаанагарала алхрақәа аҩбатәи ртур ҟалар алшоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0