Гагра араион 46,72% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит 17 сааҭынӡа

© Foto / Саида ЖибаВыборы президента Абхазии в Гагре
Выборы президента Абхазии в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
17 сааҭынӡа, Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа хәба рҟны рыбжьы арҭахьан 46,72% алхыҩцәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

17 сааҭынӡа, ажәбатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны рыбжьы арҭеит 2358-ҩык алхыҩцәа, ажәабатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 2368-ҩык, ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 1828-ҩык, ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 2788-ҩык, ажәахатәи алхратә ҭыԥ хадаҟны 2631-ҩык алхыҩцәа. 25 нызқьҩык рҟынӡа зыбжьы азҭараны иҟаз рахьтә, иааизакны абжьыҭара инеихьеит 11602-ҩык ауааԥсыра.

Выборы президента Абхазии в гагре - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны 14 сааҭынӡа 33,29 % алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

Ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа жәаха. Араҟа аамҭалатәи аихшьаалақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 50 % алхыҩцәа.

17 сааҭ рзы, ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада, ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡан.

"Ҳара ҳалхратә ҭыԥ аҟны асиаҿы иарбан 598-ҩык алхыҩцәа. Убас ихарҭәаау асиагьы аԥҵоуп. 17 сааҭ рзы иҟаҳҵаз аамҭалатәи аихшьаалақәа рыла рыбжьы арҭахьан 354-ҩык ауааԥсыра. Ажәакала, процентла иаҳҳәозар, ари алхырҭатә ҭыԥ аҟны алхрақәа шьақәгылеит", - лҳәеит ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада, ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Аида Чачбаиаԥҳа.

Ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада, афбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟынгьы, уажәтәи аамҭазы еилагарада алхрақәа мҩаԥысуеит.

"Ашьыжь, асааҭ ааба рынахыс аусура ҳалагеит. Анаԥшыҩцәа зегьы рҭыԥқәа рҟны иҟоуп, алхыҩцәа ракәзар активла иааиуеит. Аганқәа зегьы уажәазы агәынамӡара рымаӡам. Сиала иарбоу 393-ҩык рахьтә, 17 сааҭынӡа рыбжьы арҭеит 191-ҩык алхыҩцәа", - ҳәа азгәеиҭеит ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада, афбатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Владимир Ларин.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0