Аԥсны нанҳәа аныҳәа ԥсшьарамшуп

© Foto / предоставлено Сабиной Лакоба Мгәыӡырхәа, Жьиаа рҭаацәараҿы "Кәацла-бысҭала" аишәа шдыргылаз
Мгәыӡырхәа, Жьиаа рҭаацәараҿы Кәацла-бысҭала аишәа шдыргылаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵасқәа инарықәыршәаны нанҳәа 28 Аԥсны иазгәарҭоит иԥсхьоу ргәалашәара амшныҳәа, иадыркуеит ацәашьқәа.

АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Аԥсны аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә мшқәеи рымзар инақәыршәаны ԥсшьарамшны ишьақәыргылоуп нанҳәа 28.

Ареспублика ауааԥсыра иазгәарҭоит ақьырсиан ныҳәа Анцәа иан лылацәа еиқәыԥсара иақәшәо Нанҳәа.

Абри амш азы аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы иԥсхьоу рыуа-рҭахы ргәаладыршәоит. Аишәа иқәырҵоит аҿа-маҿа. Аҳалуа ҟарҵоит, ацәашьы адыркуеит. Ацәашьы акнаҵы аԥсцәа аҩны иаҭаан иҟоуп ҳәа иршьоит. Иҟалом ацәажәара, аҩны аҩналара, адәылҵра.

Аԥшәма аҵәца шьҭыхны Анцәа диҳәоит аҽаҩра бзиарала иҭаргыларц азы.

Ажәытәан, ари аухазы, аҩсҭаацәа рҽырцәырыхьчарц азы рхы ашьҭахь (рхахәы) ацәа (ацәашьы) хәыҷык иааркәымпылны иладырҳәуан, алакәымҳа иалхны аџьар ҟаҵаны ақәыц (амаӷ) ала ихаргьежьны еибаркны аҩны ашә, аборақәа рҿы икнарҳауан – уи ахьыҟоу аҩсҭаа ҧырхага изыҟаҵом ҳәа иҧхьаӡаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0