Учымазара наҟ иуҟәызгеит, иухысцеит: араҵлазы аԥсуаа разгәаҭақәа

CC0 / / Грецкий орех
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа баҳча иахәҭаку, акырӡа ихәарҭоу араҵла аҭоурых дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳхәыҷра ашықәсқәа раан иаҳҵоз ажәеинраалақәа ссирқәа иракуп иԥхакәакәараӡа сгәаҵаҿы иаанхаз ара иазку Инна Ҳашԥҳа лажәеинраала:

"Ара иҟәыбарц днықәлеит Кан,

Бзиа ишԥеибои акакан.

Ҳаи, иухьзеи, Кан уаасыхәа

Иузысрыԥхуеит аџьынџьыхәа."

Ахьаца - Sputnik Аҧсны
"Аҵла цқьа" ҳәа изышьҭоу ахьаца

Сгәанала, имаҷуп акаканлых чыс агьама зымбац, уи ихнамхыц ауаа рхыԥхьаӡара. Акакан аԥсуаа жәытәаахыс афатә алырхуеит, уимоу акакан агәырҭа иеиуеиԥшым ачымазарақәа ирыхәшәуп. Хаҭала акакан зҿало араҵла пату зқәу аҵлақәа ирхыԥхьаӡалоуп.

Ахәыҷқәа, адуқәа, арахә уҳәа ачымазарақәа рацәыхьчаразы, алаԥш рыхцаразы жәытәла аԥсуаа имҩаԥыргон "аҵла адацқәа рыҵгара" аритуал. Абри аиԥш зеиԥшу аритуал зыдҳәалаз араҵла заҵәык акәын, хықәкыла иуҳәозар, араҵла адацқәа. Абҷи, аимҳәаршәи зыхьуаз, алаԥши ачымазареи зчычоз ауаа ракәын хадаратәла арадац иҵыргоз.

Араҵла ахьгылаз адац адгьыл иалыҳәҳәо иҟазар, ачымазаҩ уа днаганы даҵыргон. Аха ара адацқәа адгьыл иалҳәҳәо ианыҟамыз адац алԥшааны ачымазаҩ даҵысыртә иаҵыржаауан.

Иҟоуп ахԥатәи ахкгьы, араҵла ҿа агәыцә аиҟәыршьшьара. Ари аритуал амҩаԥгашьа шыҟарҵо атәы анылҵахьан афолькорист Цира Габниаԥҳа Џьырхәа ақыҭа еиуаз Шамы Минака лҟнытә. Уи излалҳәаз ала араҵла ҿа агәыцә еиҟәыршьшьаны, убри аиҟәыршьшьарҭа ичмазыҩхаз ахәыҷы абас ҳәо даҵыргон: "Учымазара наҟ иуҟәызгеит, учымазара наҟ иухысцеит, учымазара наҟ иухысцеит".

Ахәыҷы даныбжьыргалак ашьҭахь, еиҟәыршьшьаз араҵла аганқәа агәыцә иадырӷәӷәаланы иҿарҳәон. Иахьдыршьшьаз аҭыԥ еилаӷьар, азҳара иалагар, ахәыҷы изеиӷьуп, дыбзиахоит рҳәон. Ус акәымкәа, "араҵла ҩар, ахәыҷы дыбзиахаӡомызт", – аизгәаиҭоит аҵарауаҩ Чурсин иетнографиатә нҵамҭақәа рҿы.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Аԥсуаа араҵла ганкахьала амч ҷыда злоу, ауаҩы дызхәышәтәуа акәны ирыԥхьаӡон, даҽа ганкахьала маҷкгьы рҽацәырыхьчон. Араҵла шамахамзар агәараҭаҿы еиҭарҳауамызт. Араҵла аҵаҟа ацәара ҟалом, иаҵаҩан ицәаз "адабла исуеит" ҳәа агәаанагара рыман аԥсуаа.

Хылҵшьҭрала аԥсуаа иаҳзааигәоу адыга жәларгьы араҵла агәҽанызаара рызцәырнагон. Избан акәзар, еиҭазҳаз иоура ашәара ианазҳалак, иԥсра аанагоит ҳәа иԥхьаӡан. Убри азы араҵла абыргцәа ракәын еиҭазҳауаз, аҿар ирдыреиҭаҳауамызт рыԥсынҵры кьаҿхар ҳәа ишәаны.

Ашаԥсыӷ жәлар рҿы ачымазарақәа жәпакы, бжеиҳан ахәыҷы чымазарақәа, аҳәса рхьаақәа рыхәышәтәра араҵла иадырҳәалон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0