Очамчыра иаадыртит ацәыргақәҵа "Абрыскьыл иабиԥара"

© Foto / Мария СмыковаОчамчыра иаадыртит ацәыргақәҵа "Абрыскьыл иабиԥара"
Очамчыра иаадыртит ацәыргақәҵа Абрыскьыл иабиԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟынтәи 80-ҩык рҟынӡа аҟазауаа алахәхеит ацәыргақәҵа "Абрыскьыл иабиԥара". Иара мҩаԥысит Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аҿы цәыббра 4 рзы.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ацәыргақәҵа "Абрыскьыл иабиԥара" мҩаԥысит Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аҿы цәыббра 4 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Очамчыра араион ахадараҿ аҿари аспорти рыҟәша аҿартә политиказ аҟаза Фаина Кондратиева.

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟынтәи 80-ҩык рҟынӡа аҟазауаа алахәхеит ацәыргақәҵа "Абрыскьыл иабиԥара". Ацәыргақәҵахь инагахеит аҿыханҵа, аграфика, амҿлых, абџьар, анапылаҟаҵара кьанџьақәа, акерамикатә маҭәарқәа, амилаҭтә бзазара амаҭәарқәа.

"Ҵыԥхгьы абри аҩыза ацәыргақәҵа мҩаԥган, аха Очамчыра араион заҵәык аҵанакуан. Сынтәа иҳаӡбеит Мрагыларатәи Аԥсны зегьы еидаҳкыларц. Гал, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь араионқәагьы аҵанакуеит", - лҳәоит Кондратьева.

Ацәыргақәҵаҿ иналукааша аҭыԥ аннакылеит Џьгьарда ақыҭа атәылаҿацәҭҵааратә Музеи аколлекциа. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы имҩаԥган амастер-классқәа.

© Foto / Мария СмыковаВыставка "Потомки Абраскила" прошла в Очамчыре
Очамчыра иаадыртит ацәыргақәҵа Абрыскьыл иабиԥара - Sputnik Аҧсны
Выставка "Потомки Абраскила" прошла в Очамчыре

Беслан Воуба, Очамчыра иқәынхо, еизаз идирбон амҵәышә аԥашьа.

Ацәыргақәҵаҿ актәи аҭыԥ арҭеит Џьгьарда ақыҭа атәылаҿацәҭҵааратә Музеи аколлекциа. Аҩбатәи аҭыԥ – Аслан Кәыркәынаа иҭыхымҭа "Аԥсуа дәҳәыԥш", ахԥатәи – асахьаҭыхыҩ Руслан Зақараиа иҭыхымҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0