Олег Аршба алхрақәа аҩбатәи ртур аан Алхас Кәыҵниа дидгылоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКандидат в президенты Абхазии Олег Аршба
Кандидат в президенты Абхазии Олег Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниеи уаанӡа Аԥсны ахадарахьы иқәгылаз Олег Аршба иштаб ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша, цәыббра 5 рзы.

АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы кандидатс иқәгылаз Олег Аршба иштаб алхрақәа аҩбатәи ртур аан идгылоит ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Ари аинформациа шьақәирӷәӷәеит Олег Аршба иштаб ахаҭарнак Олег Барцыц.

"Аиҿцәажәарақәа иахьантәарак ацара иаҿын, урҭ ирылҵшәаны зҵаарақәак рҟны ҳаиқәшаҳаҭхеит, наҟ-наҟтәи алхратә кампаниаан ҳаивагыланы аус еицаҳуеит. Ҳаиҿцәажәара аҷыдарақәа ртәы макьана исҳәом", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит амҽыша, цәыббра 8 рзы.

Актәи атур мҩаԥысуан нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Усҟан жәҩык акандидатцәа ықәгылан.

Аҩбатәи атур ахь инеит Аԥсны иахьатәи ахада Рауль Ҳаџьымбеи (24,83%) аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи (22,56%).

АКХ адыррақәа рыла, алхрақәа рахь инеит 65,18% ауаа.

Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур алҵшәақәа - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи алҵшәақәа: Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур шымҩаԥысыз

Аҩбатәи атур алҵшәақәа рыла аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз акандидат. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит АКХ аҟны алхратә штабқәа рхаҭарнакцәа ианрыҿцәажәа ашьҭахь, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭамаз Гогьиа.

Азакәан аҟны еилыкка иарбаӡам аҩбатәи атур аан аиааира згаз акандидат дшалкаатәу, ҷыдала иааугозар: абжьқәа реиҳарак зауз иакәу, ма аҩбатәи акандидати "зегьы ирҿагылоу" аграфеи еизакны ироуз абжьқәа еилаҵаны иреиҳаны изауз акандидат иакәу. АКХ ахь азҵаарақәа Апарламент ахь, Аконституциатәи Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рахь рнеира ашьҭахь, иара убас алхратә штабқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәарақәа рышьҭахь, ирыӡбеит - аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа реиҳарак зауз акандидат.

Убри аан алхрақәа рахь инеироуп алхыҩцәа рсиа иану атәылауаа 25% иреиҵамқәа алхыҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0