Акандидатцәа реицәажәара: Аԥсуа телехәаԥшраҿы адебатқәа мҩаԥысит

© Foto / Лана АбшилаваАтеледебатқәа
Ателедебатқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аҩбатәи атур ахь ицаз акандидатцәа ҩыџьа Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи злахәыз адебатқәа мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшраҿы. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ишиашоу ицоз аефир аҩнуҵҟа дара еибырҳәаз, ргәаанагарақәа ахьеиқәымшәаз, насгьы иахьеиқәшәаз атәы Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik
Традициан иҟалеит адебатқәа раан раԥхьа иззааҭгыло азҵаара аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа ахьакәу. Аԥсны ахадарахьы акандидат Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿгьы, еиуеиԥшым аизарақәа рҿы аурысшәа еиҳа аԥыжәара шамоу, ҳхатәы бызшәа аасҭа. Ари апроблема аӡбаразы иара иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр инапаҵаҟа ишаԥҵаз Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы. Урҭ зыхьӡахьоу рацәамзаргьы, амҩа иаша шылырхыз азгәеиҭеит. Рауль Џьумка-иԥа иажәақәа рыла, дарбанзаалак ачынуаҩ аԥсышәала дцәажәалар ихәҭоуп, насгьы аофициалтә документқәа аурысшәахьтә еиҭаганы акәымкәа, аханатә аԥсышәала иҩлатәуп ҳәа азгәеиҭеит.

Жәларбжьаратәи апресс-центр - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа раан аиааира згаз акандидат дшеилыркаауа атәы рҳәеит АКХ аҟны

Аԥсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа аԥсуа бызшәа зны-зынла ҽырбашақә, ауаа ҳаргәаԥхарц азы ҳхы иаҳархәо ҳалагеит, аха убри аангьы инагӡаны иҳаздырӡом ҳәа азгәеиҭеит. Насгьы иара иҳәеит Рауль Ҳаџьымба зыӡбахә имаз аилак аҳәынҭқарраҟнытә иамоу ацхыраара азхом ҳәа изныкымкәа ишазгәеиҭахьо уи ахантәаҩы Баҭал Хагәышь. Алхас Алықьса-иԥа иажәақәа рыла, абрагьы иаҭахуп азакәан ақәныҟәара, избан акәзар, уи ишаҳәо ала, аԥсуа бызшәа ззымдыруа ауаҩы аҳәынҭқарратә усурахь игара азин ыҟаӡам. Абасала, азакәан еилазго ажәлар ракәӡам, ачынуаа роуп ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Егьырҭ азҵаарақәа рахь ианиас, акандидатцәа ргәаанагарақәа еиҳа-еиҳа рҽеиҟәыршо иалагеит. Иаҳҳәап, Алхас Алықьса-иԥа аполитикатә партиа "Аруаа" заԥҵаз аветеранцәа еиҟәшахарц, апартиа "Амцахара" иаҿагыларц азоуп ҳәа ииҳәаз игәаанагара дақәшаҳаҭымхаӡеит Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит уи шуаажәларратә еиҿкаароу, ахықәкқәагьы шполитикатәымыз иҳәеит. Убри аан акандидатцәа ас еиԥш хаҭалатәи аиҿцәажәара уажәраанӡа ишмаҷыз, уажәшьҭан еиҳахар шакәу еицазгәарҭеит.

Уи ашьҭахь, акандидатцәа абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыцхраара, Урыстәылантәи иаауа аԥарақәа рхархәашьа уҳәа, Аԥсны ицәырҵуа аекономикатә зҵаарақәа ирылацәажәеит.

"Иахьа ҳара ҳекономика Урыстәылатәи ацхыраара иахьыԥшымхартә еиԥш ахатәымҩа иқәҵатәуп. Ҳара ҳганахь лассы-лассы акритика ӷәӷәа ааиуеит, аха 2015 шықәса раахыс адоллар шышьҭыҵызгьы, аинфлиациатә процессқәа рышҽеиҭаркызгьы, ҳара абиуџьет арҽеирақәа алаҳамгалаӡеит. Ааи, Урыстәылантәи иаауаз афинанстә цхыраара еиҳа имаҷхеит, аха еиҳа хәарҭала ахархәара аиуит. 2013 шықәсазы ирыдыркылаз абиуџьет 2,7 миллиард мааҭ иҟазҭгьы, иахьа уи хә-миллиардк иазааигәахахьеит", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аӡәгьы дысҭахым: қьарс иалои "зегьы ирҿагылоу" аграфа

Алхас Кәыҵниа игәаанагара ҳәо, дазааҭгылеит афискалтә усбарҭақәа, ашәахтәқәа рырӷәӷәареи, ҷыдала НДС ашьҭыхреи рыбзоурала ҳбиуџьет аҭагылазаашьа шеиӷьымхо. Уи абизнес маҷ ахәаҽуеит ҳәа иԥхьаӡоит. Иара игәаанагарала, анҭыҵынтәи аинвесторцәа адԥхьаланы Аԥсны аҩнуҵҟа анаплакқәа раартра ада ԥсыхәа ыҟам, иара убас иҿыцу ашәахтә система аԥҵатәуп иҳәеит Аԥсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа.

Рауль Џьумка-иԥеи Алхас Аслан-иԥеи еиқәшаҳаҭхеит хшыҩеилаҵарала азҵаарақәа рыӡбара шаҭаху. Аиҿцәажәара еснагь иаҭахуп, аха адәахьы акәымкәа, ауаа еиҿаргыланы акәымкәа, акабинетқәа рҟны ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара убас ицәырҵит иахьатәи амчрақәеи аоппозициеи русеицура азҵаарақәа. Рауль Ҳаџьымба игәалаиршәеит аоппозициаа ргәынамӡарақәа рашьҭахь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр дшамхыз, ареферендум амҩаԥгара ишадгылаз, Апрокурор хада, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ уҳәа ҭыԥқәак аоппозициаа рхаҭарнакцәа ишрыдгалаз, аха урҭ рахьтә аоппозициаа мап зцәыркызгьы шыҟаз. Уи аҭакс Алхас Кәыҵниа иҳәеит уи зыхҟьаз аиҳабыра иҟанаҵаз адгаларақәа рҭагылазаашьақәак шыргәамԥхаз азоуп ҳәа.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхрақәеи ҳаԥсҭазаареи: аполитикатә еиндаҭларазы гәҭахәыцрақәак

Анаҩс Алхас Кәыҵниа Рауль Ҳаџьымба иахь азҵаарақәа имаз ируакын ақырҭуа цәгьауҩы Лукава иаушьҭра. Рауль Џьумка-иԥа Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷқәа руак инақәыршәаны, ус аҟаҵара азин сыман ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Иагьазгәеиҭеит ари аҩыза аполитикатә акт шыҟаиҵаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи аган иаарышьҭыз аҳәарала. Урҭ рофицарцәа ҩыџьа Қырҭтәыла шықәсырацәала аҭакра рықәҵан. Урҭ роушьҭра алыршахон абри аҩыза аиҭныԥсахлара иабзоураны. Иара убас ари аиҭныԥсахлара иалҵшәахеит Қырҭтәыла иаанкылаз аԥсуа цәгьауҩгьы ҳган ахь ииагара.

Алхас Алықьса-иԥа иара убас дазҵааит атәанчаҩцәа ирзацырҵаз аԥара алхрақәа рыламҭалазы изырзыршаз. Уи ақәҵара акрааҵуеит иҳадаҳкылеижьҭеи, аха уажәоуп амчра анаиуз ҳәа аҭак ҟаиҵеит Рауль Ҳаџьымба.

Амҩаԥгаҩ Рада Аргәын ирылҭеит азҵаара, иазыхиоума арҭ аҩкандидатк рахьтә иааиааизаалак, егьи дидныҳәаларц, иара убас анаҩс аусеицура рылшару ҳәа. Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи еицҿакны ирҳәеит еилагарада зегьы мҩасыр, хымԥада ишеидырныҳәало, иаҭаххаргьы, аус шеицыруа.

Гиви Габниа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габниа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭара амҩаԥгара аԥҟарақәа

Акандидатцәа аҵыхәтәан алхыҩцәа рхы нарзынарханы ажәақәак рҳәартә алшара рыҭан.

"Ҳара ианакәызаалакгьы иаҳҳәоит ажәлар алхрақәа рахь инеирц, еиҳа ргәы зызҭоу акандидат рыбжьы ирҭарц, уи азы ԥырхага рмоурц. Ари аполитикатә процесс аҟны зегьы рҽаладырхәырц даҽазныкгьы аҳәара ҟаҳҵоит. Ирыхәҭоу аҭынч ԥсҭазаара рзеиӷьасшьоит", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп актәи атур аҟны иаашәырԥшыз азҿлымҳаразы. Шәыбжьы зышәҭозаалакгьы, шәнеирц сшәыҳәоит амза 8 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа рахь, шәгәи шәыхшыҩи ишшәыҵарҳәо ала ишәҭарц шәыбжьы еиҳа даԥсоуп ҳәа ишәыԥхьаӡо акандидат", - иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0