Абалалаикақәа аԥсуа сценаҿы: Андреи Кириаков иконцерт мҩаԥысит

Анапаҵаҩра
Андреи Кириаков иконцерттә программа "Абалалаикақәа хԥа" Д.Гәлиа ихьӡ зху Гәылрыԥшь араион Акультуратә хан аҟны идырбан цәыббра 6 рзы. Ари аконцерт иара убас иалахәын аҭыԥантәи арҿиаратә гәыԥқәагьы.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Гәылрыԥшьтәи Акультуратә хан аҟны иеизаз ахәаԥшцәа реиҳарак аурокқәа рышьҭахь "амузыкатә ааҭгылара" ҟазҵар зҭаххаз ашколхәыҷқәа ракәын. Аконцерт алагара иазгәаҭаз аамҭа маҷк иахыԥахьан аҟнытә, азал аҟны аилаҭырра ҟало иалагеит, зегьы абалалаика арҳәаҩы изыԥшын. Аха аконцерттә программа ашьхарыуаа рыкәашарала иаанартит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Марыхә". Амцаԥшь иаҩызаз ари ақәгылара ашьҭахь ахәаԥшцәагьы рыԥсы ааҭалан, напеинҟьарала иаԥылеит асценахь ицәырҵыз аҩбатәи арҿиаратә гәыԥгьы.

Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп абалалаикатә концертқәа - Sputnik Аҧсны
Ҳаамҭа иақәшәо: Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп абалалаикатә концертқәа

Ансамбль "Аревик" иалахәу ҩыџьа аҭыԥҳацәа инарыгӡаз аерман жәлар рыкәашара, ахәаԥшцәа рзыҳәа ԥсеивгарак иаҩызахеит, аенергиа ӷәӷәа зҵаз актәи акәыргыламҭа ашьҭахь. Аха анаҩс асценахь ицәырҵыз арҿиаратә гәыԥ "Ахтамар" дырҩеигь аконцерт "ашоура" ханагалеит. Ихнаркәшеит аконцерт актәи ахәҭа Ҵҟыбын ақыҭаҿы иеиҿкаау акәашаратә ансамбль.

Амҩаԥгаҩ Андреи Кириаков асценахь дышцәырҵуа анрылалҳәа, хыхьынтәи аекран ду лбаан, иаалашьцеит. Абалалаика арҳәаҩы раԥхьатәи ицәырҵраан инаигӡеит зегьы еицырдыруа аурыс жәлар рашәа "Калинка". Ари акомпозициа хыркәшаны даналга, Кириаков ахәаԥшцәа ирылеиҳәеит адунеи аҿы иҟоу абалалаика ахкқәа зегьы дирбарц игәы ишҭоу, дагьшырзыхәмаруа зегь раасҭа идуу абалалаика-контрабас алагьы.

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАндреи Кириаков иаирҳәоит абалалаика-контрабас
Абалалаикақәа аԥсуа сценаҿы: Андреи Кириаков иконцерт мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Андреи Кириаков иаирҳәоит абалалаика-контрабас

Аекрангьы машәыршақә илбаашьҭымызт. Цыԥҵәаха рацәала еихшаз амузыкант ицәырҵрақәа рыбжьара уа иадырбон Андреи Кириаков иқәгылара хазырҭәаауаз авидеонҵамҭа кьаҿқәа.

 

Амузыкант инаигӡоз аурыс жәлар рашәақәа уажәы-уажәы иацдырӷызуан азал аҟны итәаз ахәаԥшцәагьы. Иара убас Кириаков абалалаикаҿы иаирҳәоз адунеизегьтәи аклассикатә музыкагьы ахәаԥшцәа уажәаԥхьагьы ирдыруан, аха ари амузыкатә рҳәага "аҿаԥыц" аҟынтәи ирацәаҩымызт изаҳахьаз. Уа иҟан: Бетховен, америкатәи арок-гәыԥ "Нирвана", Андреа Бочели "и-Бессоме мучо" уҳәа.

Уи ашьҭахь ахәаԥшцәа рзы Андреи Кириаков еиҿикааит акомпозиациа аԥхьа иақәзыршәо ҳәа аицлабра хәыҷы. Иара абалалаикаҿы иаирҳәоз асоветтә мультфильмқәа рҟынтәи ашәақәа шамахамзар зегьы ахәаԥшцәа иаразнак иақәдыршәеит. Аицлабра ахыркәшамҭаз даҽа знык азал зегьы еицырҳәеит ашәа "Калинка".

© Sputnik / Томас ТхайцукАндреи Кириаков инаигӡеит аклассикатә рҿиамҭақәа реиԥш, аурыс жәлар рашәақәагьы
Абалалаикақәа аԥсуа сценаҿы: Андреи Кириаков иконцерт мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Андреи Кириаков инаигӡеит аклассикатә рҿиамҭақәа реиԥш, аурыс жәлар рашәақәагьы

 

"Х-балалаикак" захьӡыз амузыкант ипрограммазы аамҭа анааи, асценахь ицәырыргеит арҭ амузыкатә рҳәагақәа. Асцена агәҭахьшәа иргылаз амыругаҿы Андреи заа иҭаиҩхьаз амузыка ихы иархәаны, еиҵоу аҟнытә еиҳау абалалаикақәа еиҭныԥсахло, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иаԥиҵон арҿиамҭа. Азныказы ицәгьахеит амузыкант асценаҟны дызҿыз аилкаара, аха нас уи иџьабаа ахәшьара азҭаз ахәаԥшцәа напеинҟьарала имузыка рыдыркылеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАндреи Кириаков иқәгылара хазырҭәаауаз авидеонҵамҭа кьаҿқәа ддырбон аекран аҿы
Абалалаикақәа аԥсуа сценаҿы: Андреи Кириаков иконцерт мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Андреи Кириаков иқәгылара хазырҭәаауаз авидеонҵамҭа кьаҿқәа ддырбон аекран аҿы

 

Аха Кириаков уи аҟны даанымгылаӡеит, иӡбеит иҟазара аԥсуа хәаԥшцәагьы маҷ иадамзаргьы идирҵарц. Абалалаика арҳәара агәаҳәара змоу ҩыџьа асценахь ианааиԥхьа, ҷкәынки ӡӷабки асцена иаахалеит. "Ари иаауа ижәҩахырқәа заҟароу ала сбалалаика арахәыцқәа ԥиҵәара дыҟоуп", - иҳәан, даалафит амузыкантгьы.  

Аӡӷаб иаразнак арҳәага лнапахьы аагара лылшеит, аха аҷкәын зегь раасҭа имариаз аккорд шизалырхызгьы, кыр аамҭа изеиҿкаауамызт. Хәбаҟа минуҭ рышьҭахь уигьы иҟаҵатәыз еиликаан, иоуаз агәаҳәара ихаҿы ианубаалартә еиԥш, игәарԥханы арахәыцқәа дрысуан. Арҭ хҩык уажәы иаԥырҵаз агәыԥ ҿыц Кириаков дахлафны "Аккорд заҵәык" ҳәа ахьӡ аиҭеит. Аԥсуа кәашарала аконцерт хнаркәшеит ансамбль "Кәыдры".

© Sputnik / Томас ТхайцукАндери Кириаков агәаҳәара змаз абалалаика адырҳәарц алшара риҭеит
Абалалаикақәа аԥсуа сценаҿы: Андреи Кириаков иконцерт мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Андери Кириаков агәаҳәара змаз абалалаика адырҳәарц алшара риҭеит

 

Ҳзыҿцәажәаз аконцерт ахы инаркны аҵыхәанӡа иахәаԥшуаз аҵаҩы Марсель Џьалаӷониа иибаз ақәгыларақәа бзиан ҳәа ахәшьара аиҭеит:

"Кириаков ихәмаршьа саршанхеит, иџьаушьартә иҟоуп иара абалалаика заҟа лассы иаирҳәоз. Иара ирацәаны инаигӡеит уажәаԥхьа исаҳахьаз ашәақәагьы. Акәашаратә гәыԥқәагьы ибзианы рхы аадырԥшит", - иҳәеит иара.

Андреи Кириаков – Урыстәыла зеиԥш дыҟам, абалалаика ахкқәа ԥшьба (прима, електро, альт, контрабас) рыла ихәмаруа музыкантуп. Иара иаԥиҵеит "Х-балалаикак" захьӡу ихатәы концерттә программа. Ари аконцерт аҟны амузыкант иаирҳәоит жәлар рашәақәа, ҳаамҭазтәи амузыка, иара убас арок.

Знык ала х-балалаикак рҟны ихәмаруа амузыкант иконцерт еиҿыркааит "Евразиатәи амилаҭтә еидгыла", иара убас Аԥсны иҟоу "Россотрудничество".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0