Абзиа еснагь ҳазыԥшуп: ауааԥсыра алхрақәа рзы ргәаанагара

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы а Абхазии
Выборы а Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра еиҭарҳәоит атәыла ахада иалхра аҩбатәи ртур аҟынтәи иззыԥшу, абжьыҭарахь анеира ахәҭаны изырбо.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭарақәа анымҩаԥысуа амш аҽны Sputnik акорреспондент иӡбеит атәыла ауааԥсыра ргәаанагарақәа ҭиҵаарц.

Алхыҩ Ашот Григориан иаҳирбеит ибжьы шиҭиз шьақәзырӷәӷәо амҳәырқәа ҩба зықәгылоу итәылауаҩшәҟәы.

"Ашьыжь асааҭ 8 рзы ҳабжьы ҳҭиит. Иаҳҭахуп атәылаҿ азакәан аус ауларц, азинеиҿкаара шьақәгыларц. Раԥхьа иргыланы уи ауп ихадоу", - иҳәеит иара.

Еицырдыруа "Брехаловка" аҭааҩцәагьы абжьыҭара иалахәуп. Урҭ алацәажәоит алхрақәа рышьҭахь атәылаҿ аԥсҭазаара аҽеиҭанакыр шалшо.

"Ҳгәыӷуеит ҳаԥсҭазаара еиӷьхап ҳәа. Зегь цәгьоуп ҳәа сызҳәом аха абзиа еснагь уазыԥшуп. Сгәыӷуеит ус иагьыҟалап ҳәа", - иҳәоит Арвелод Ҭарба.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: 154 алхырҭатә ҭыԥқәа абжьыҭаразы иаартуп

Боча Гвалиа алхрақәа ирыдиҳәалоит игәыӷрақәа.

"Алхрақәа рышьҭахь ауаа имшәа-имырҳа Аԥсныҟа иаалап ҳәа сыԥшуп", - иҳәоит иара.

Ажурналист Даур Инаԥшьба иазиԥхьаӡоит ареспубликаҿы иалырхуа ихьмырԥшыкәа аҭынчра ҟалап ҳәа.

"Иалххо иакәӡам ихадоу. Иахьа ҳабжьы заҳҭо зегьы ҳаҷкәынцәа роуп. Ихадароу аӡәк иеиԥш ҳаидгыланы аус ааулартә аҟалароуп. Акраҵанакуаны иҟоуп "уа утәы са стәы" ҳәа ауаа реихымшара" - иҳәоит иара.

Алхыҩ Едуард Мқанба ибжьы аиҭахьеит. Иара игәаанагарала уи дарбанызаалак иуалԥшьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0