Даур Ақаҩба: атәыла анҭыҵ алхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит ақалақьқәа Москвеи Черқьесски рҟны.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус ахьыруа Москвеи Черқьесски рҟны алхрақәа азинеилагарада ҭынчрала имҩасуеит, иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба АКХ жәларбжьаратәи ацентр аҿы.

Выборы а Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Абзиа еснагь ҳазыԥшуп: ауааԥсыра алхрақәа рзы ргәаанагара

"Ишдыру еиԥш Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит ақалақьқәа Москвеи Черқьесски рҟны. Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа аартӡам, актәи атур аан иахьаркыз инамаданы", - иҳәоит Ақаҩба.

Азакәанԥҵара инақәыршәаны Москвеи Черкесски аус зуа алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.

Аҩбатәи атур аусура наԥшыҩцәак рыҳасаб ала иалахәу Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рхаҭарнакцәа иахьырҭаху алхырҭатә ҭыԥқәа рахь инеир рылшоит, иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0