Алхас Кәыҵниа ибжьы аиҭеит аҩбатәи атур аан

Выборы президента в Абхазии, второй тур
Выборы президента в Абхазии, второй тур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь днеиит 22,91% бжьы иманы.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Атәыла ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа ибжьы аиҭеит аҩбатәи атур аан ҳәа аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

"Аԥсны аԥеиԥш азы сыбжьы сҭиуеит. Сгәалаҟазаара бзиоуп. Сгәыӷуеит ҳтәыла шәҭы-какаҷып ҳәа. Абжьаҭарақәа шымҩаԥысуа ала макаьназы гәыҩбара ҳамам", - иҳәеит иара.

Выборы а Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Абзиа еснагь ҳазыԥшуп: ауааԥсыра алхрақәа рзы ргәаанагара

Аҩнқәа русбарҭа №3 аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №3 ахь Алхас Кәыҵниа днеиит иԥа Еснаҭи иԥҳа Сариеи ицны.

"Сара еснагь ахәыҷқәа сыманы абжьыҭирахь снеиуеит. Актәи атур аангьы ус акәын. Аиҵбы Сатика лан длыцны дцеит абжьыҭарахь", - иҳәоит Кәыҵниа.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.

2019 шықәса рызтәи Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы. Уи иалахәын ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны алхрақәа ирылахәыз рахьтә зегь иреиҳахаз ахыԥхьаӡара - жәҩык акандидатцәа.

Урҭ рахьтә аиааиразы иаҭахыз 50% иреиҳаны абжьқәа аӡәгьы иахьимоуз азы, абжьыҭара аҩбатәи атур рылаҳәан.

Ҩынтәтәи абжьыҭараан абжьқәа реиҳарак зауз акандидат аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Убри аан алхрақәа рхы рыладырхәроуп алхыҩцәа рсиақәа ирну 25% иреиҵамкәа атәылауаа. "Зегьы ирҿагылоу" аграфа абжьқәа реиҳарак аиур, алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа рыларҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0