Аԥсны АКХ: алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеира 19% артәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии, второй тур
Выборы президента Абхазии, второй тур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә комиссиа хада адыррақәа рыла аҩбатәи атур аан шьыбжьазы абжьыҭара иааихьеит 19% алхыҩцәа.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ацентртә комиссиа хада адыррақәа рыла аҩбатәи атур аан асааҭ 12 рзы абжьыҭара иааихьеит 19% алхыҩцәа. Абри атәы аалыцҳаит АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: 154 алхырҭатә ҭыԥқәа абжьыҭаразы иаартуп

Алхыҩцәа рсиа иануп 125 401-ҩык ауааԥсыра. Рыбжьы рҭихьеит 23 830-ҩык.

"Актәи атур иаҿурԥшуазар, еиҟароуп. Усҟан асааҭ 12 рзы рыбжьы рҭихьан - 19,27% ", - иҳәоит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Иара иажаәқәа рыла еилагара џьаргьы иазгәарымҭац. Иҟоу азҵаарқәа аҭыԥқәа рҿы идыриашоит.

Алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы жәҩык акандидатцәа ралахәхарала.

Азакәан ишаҳәо ала 50% акандидатцәа аӡәгьы имоур аҩбатәи атур рылаҳәахон.

Аҩбатәи атур ахь инеиит Рауль Ҳаџьымбеи - 24,83%, Алхас Кәыҵниеи - 22,91%.

Ажәабжьқәа зегьы
0