Ҭамаз Гогьиа: Черқьесскынтәи ҿырҳәалатәи ашшыԥхьыӡ ҳзааит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии, второй тур
Выборы президента Абхазии, второй тур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхрақәа ирылахәхараны иҟаз ауааԥсыра абжьыҭарахь рнеира иартәеит 38,41%.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иазгәеиҭеит Черқьесскынтәи ҿырҳәалатәи ашшыԥхьыӡ шырзааз.

"Ашшыԥхьыӡ азкын анаԥшыҩцәа акомиссиа алахәылацәа рус ахьынарыгӡо аҭыԥ иахьазааигәоу, урҭ зыбжьы азҭо итәылауаҩшәҟәы адыррақәа рбар рылшоит. Урыстәылатәи азакәанԥҵараҿы абри аганахьала аԥкрақәа ыҟоуп. Иҟалоит алхыҩ иҭахымзар итәылауаҩшәҟәы адыррақәа даҽаӡәы ирбара", - иҳәеит иара.

Аха аԥсуа закәанԥҵараҿы анаԥшҩы имоуп азин абжьыҭаҩ ипаспорт аштамп шақәдыргыло, аҿыц акәу ажәытә тәылауаҩшәҟәы акәу. Убри аан акомиссиа русура иаԥырхагамхароуп.

"Аконсультациақәа мҩаԥганы, ари азҵаара аҭыԥ иқәаҳҵеит", - иҳәеит иара.

Алхыҩцәа рсиа хада иануп 126577-ҩык атәылауаа. Рыбжьы арҭахьеит 48614-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0