Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшыҩцәа: алхрақәа ҭышәынтәалан имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАахыҵ Уаԥстәыла абираҟ
Аахыҵ Уаԥстәыла абираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан асааҭ 18:00 рызтәи аҭагылазаашьала алхыҩцәа рааира иартәеит 50,99%.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аиҿкаашьа аҩаӡара бзиан, атәылауаа рыбжьаҭара ԥырхага азҭоз ҳәа акгьы ыҟамызт ихәеит Аԥсныҟа жәларбжьаратәи наԥшҩык иаҳасабала иааз Аахыҵ Уаԥстәыла апарламент ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Пиотр Гассиев.

Аԥснытәи алхыҩцәа ианрыҿцәажәа ашьҭахь, анаԥшыҩцәа еицазгәарҭеит ауаажәлар аҭагылазаашьа бзиақәа шырзаԥҵаз рҭахрақәа раарԥшразы. Урҭ ирԥырхагахашаз ҭагылазаашьакгьы рымбеит анаԥшыҩцәа.

Гассиев иҭабуп ҳәа реиҳәеит алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рҟны змаҵура мҩаԥызгоз азинеиҿкааҩцәа. Иара убас иара иазгәеиҭеит анаԥшыҩцәа алхрақәа хылаԥшра рырҭаразы ирзаԥҵаз аҭагылазаашьақәагьы шыбзиаз.

"Ҳделегациа аусуразы зегь иреиӷьыз аҭагылазаашьақәа аԥҵан, ҳахьындырхоз раԥхьа иргыланы. Аҟәеи Афон ҿыци ҳаҟан. Ҳгәы оумакала иахәеит аибарххара ҳәа акгьы ахьыҟамыз, зҵаарақәас иҳазцәырҵуаз зегьы аҭак рыҭан, еилибамкаарак ҳәа акгьы ыҟамызт", - иҳәеит иара.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Алан Џуссоев иазгәеиҭеит аҩбатәи атур аиҿкаара шыбзиаз.

"2004 шықәса рызтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан сыҟан, уи иаҿурԥшуазар, уажәтәи алхрақәа ҳәара аҭахума рыҩаӡара акыр еиҳауп. Аҭагылазаашьа еиӷьхаразы алшара шәымоуп", - иҳәеит анаԥшҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0