Азинеиҿкааҩцәа ахада иалхрақәа раан азинеилагарақәа ҳәа акгьы азгәарымҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии, второй труд
Выборы президента Абхазии, второй труд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Азинеиҿкаара еилазгоз ахҭысқәа ҳәа акгьы ҟамлеит иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

"Абри аамҭазы алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны акомиссиақәа абжьқәа рыԥхьаӡара иаҿуп, амилициа аусзуҩцәа алхырҭатә ҭыԥқәа рыхьчаразы рмаҵура анагӡара иаҿуп, акомиссиа аусзуҩцәа АКХ ахь ианцо имҩаԥыргоит", - иҳәеит иара.

Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ иусқәа назыгӡо Даур Амҷба инаҵшьны иазгәеиҭеит апрокурор хада идҵа инақәыршәаны, аусзуҩцәа алхратә ҭыԥқәа рҟны аус рулоит абжьқәа зегьы рыԥхьаӡаанӡа.

"Ауааԥсыра рҟынтәи ашшыԥхьыӡқәа, арзаҳалқәа Аԥсны апрокуратурахь имнеиӡеит. Абжьқәа зегьы рыԥхьаӡаанӡа араионтәи апрокуратура хадеи русзуҩцәа аҭыԥқәа рҟны иҟоу русуратә график инақәыршәаны. Ҳара иҳадаҳкылоит азакәанԥҵара аилагаразы иарбанзаалак арзаҳалқәа. ", - иҳәеит Амҷба.

Выборы а Абхазии - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа рҟны абжьыҭара заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит цәыббра 9 рзы

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы аҩбатәи атур аҟны иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи.

Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә иҳәо акандидат. Рауль Ҳаџьымба ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Аслан Барцыц, уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы имаҵура дахагылоуп. Алхас Кәыҵниа ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Дмитри Дбар.

Аԥсны АКХ иаанацҳауеит атәылаҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 152 шыҟоу, атәыла анҭыҵ ҩба - Москвеи Черқьесски.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0