Алҵшәақәа ахьеихыршьаало: АКХ ахыбра аԥхьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© SputnikАКХ ахыбра аԥхьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу
АКХ ахыбра аԥхьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АКХ заанаҵтәи аофициалтә дыррақәа рыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы. 

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. АКХ акәша-мыкәша ҭынчроуп, аҭагылазаашьа еилазго ҳәа акгьы ыҟам ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Азинеиҿкаара иахылаԥшуеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Акандидатцәа рыдгылаҩцәа АКХ аԥхьа аӡәгьы дыҟам.

Уаанӡа Sputnik Аԥсны иааицҳаит ахадарахьы акандидат, аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа рахь дышцәырҵыз иштаб ахада аҿаԥхьа. Иара ажәа риҭеит сааҭқәак рыҩнуҵҟа ишрылеиҳәо ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур азы идикыло аӡбамҭа.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Иҟоу адыррақәа рыла Рауль Ҳаџьымба аиааира игеит ҳәа рылеиҳәеит

Алхас Кәыҵниа иара иоппонент иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иштаб аҟны аиааира азгәарҭо иалагахьеит. Иара иштаб адыррақәа рыла, Ҳаџьымба аиааира игоит аҩбатәи атур аҟны.

АКХ ахада иалхрақәа рзы заанаҵтәи адыррақәа рыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы.

Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит амҽыша, цәыббра 8 рзы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи.

Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә иҳәо акандидат. Рауль Ҳаџьымба ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Аслан Барцыц, уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы имаҵура дахагылоуп. Алхас Кәыҵниа ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Дмитри Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0