Алхрақәа аҩбатәи ртур азы адыррақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПодсчет избирательных бюллетеней на выборах президента
Подсчет избирательных бюллетеней на выборах президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Рауль Ҳаџьымба алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира игеит заанаҵтәи АКХ адыррақәа рыла.

АҞӘА, цәыббра 9– Sputnik. Заанаҵтәи адыррақәа рыла Алхас Кәыҵниа изы рыбжьы арҭеит 38 742-ҩык – 46,19%, Рауль Ҳаџьымба изы 39 741-ҩык – 47, 38%.

Зынӡа иааидкыланы цәыббра 8 рзы рыбжьы арҭеит 83 883-ҩык ауааԥсыра. Уи азеиԥш сиа ахыԥхьаӡараҟынтә иартәоит 65, 98%.

Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ: ишьақәыргылоуп алхрақәа рлахәылацәа ахыԥхьаӡара

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иазгәеиҭеит алхрақәа раан еилагара шазгәаҭамыз. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа аҳәара ауан 25% алхыҩцәа ааиргьы. АКХ ахантәаҩы иазгәеиҭеит 3154-ҩык зегьы ирҿагыланы рыбжьы шарҭыз.

Абжьыҭира ашьҭахь акандидатцәа рыштабқәа рхатәы ԥхьаӡарақәа мҩаԥыргон. Адыррақәа еизыркуан 154 алхырҭатә ҭыԥ зегь рҟынтәи.

Рауль Ҳаџьымба иштаб аҿы аиааира игеит ҳәа адныҳәаларақәа мҩаԥысит.

Ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа иҟоу дақәшаҳаҭымкәа алхрақәа реихшьаалақәа рзы ашшра игәҭакуп.

Иџьашьатәӡам акандидат Алхас Кәыҵниа алхрақәа рылҵшәақәа аӡбарҭаҟны дырхашшарц игәы иахьҭоу, иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Уи азы дара азин рымоуп. Иарбанызаалак аӡбра ашшра ауеит. Уи азы азин ыҟоуп", - иҳәеит Гогьиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Алхратә комиссиа хада аӡбрақәа рхашшараз азакәан азин шыҟанаҵо.

Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилак ахаҭарнак Алексеи Кондратьев иҳәеит алхрақәа ҭынчмҩала ишымҩаԥгаз.

"Адемократиатә ҟазшьа аманы имҩаԥысит алхра. Адунеитә алхратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡан. Ари даара ишьахәуп",- иҳәеит Кондратьев.

Ареспублика Гана аҟынтәи анаԥшҩы радио Sputnik аинтервиу азҭаз Сергеи Чеснаков иазгәеиҭеит алхрақәа иааџьоушьартә азакәан шьаҭа рыманы ишымҩаԥысыз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0