Ҳаџьымба: аҳәынҭқарра ҳацзыргыларц зҭаху зегьы аус рыцаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция президента Рауля Хаджимба по итогам полугодия
Пресс-конференция президента Рауля Хаджимба по итогам полугодия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәыла ахада иалхрақәа реихшьаалақәа рышьҭахь апресс-конференциа мҩаԥигеит, иагьиҳәеит еснагь дшадгылаҩыз атәыла ахада инапынҵақәа реихшара.

АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik, Бадрак Авидзба. Сазыхиоуп аҳәынҭқарра ҳацзыргыларц зҭаху зегьы рацәажәара, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Иҟан Анқәаб (Аԥсны уаанӡатәи ахада-аред.) шәызиацәажәозеи ҳәа сазҳәақәоз. Ҳиацәажәон, избанзар Аԥсны датәылаҩуп, избанзар Апарламент дадепутатуп, избанзар аҳәынҭқарра аргылараҿы аԥышәа ду имоуп. Сара сазыхиоуп аҳәынҭқарра ҳацзыргыларц зҭаху зегьы рацәажәара", - иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәыла ахада иалхрақәа реихшьаалақәа рышьҭахьтәи апресс-конференциаҿы.

Иара ишиҳәаз ала иахьагьы дазыхиоуп аоппозициаа рыҿцәажәара.

"Амчрахь ҳанааи инаркынгьы ажәадгалақәа ҟаҳҵахьан ҳауаажәлар реидкыларазы. Изныкымкәа исҳәахьан аконсультативтә хеилак аԥҵатәуп ҳәа, аха аӡәгьы исыцимҳәеит. Дасу ипринципқәа дрыцәхьаҵуам. Ҳарҭ зегь ҳнеидгыланы аҳәынҭқарра иахәо анаҳзыҟаҵо ауп зегь анҽеихо", - иҳәеит иара.

Рауль Хаджимба  - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба атәыла ахада инапынҵақәа реихшара дақәшаҳаҭуп

Аԥсны АКХ цәыббра 9 рзы ирыланаҳәеит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аихшьаалақәа.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуаз иаартын 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Москвеи Черқьесски.

Атәыла ахада иҭыԥ азы еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи. Абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа. Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766 –ҩык алхыҩцәа.

Официалла абжьыҭарҭа ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы.

Цәыббра 9 рзы ирылаҳәан Ҳаџьымба аиааира игеит ҳәа. Аха ари иақәшаҳаҭым Алхас Кәыҵниа иштаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0