Ансамбль "Анаҟәаԥиа" Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит

© Foto / Астанда МарыхубаАнсамбль "Анаҟәаԥиа" Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит
Ансамбль Анаҟәаԥиа Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный путь" мҩаԥысуеит Иалта, цәыббра 7 - 11 рзы.

АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Афон ҿыцтәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Анаҟәаԥиа" актәи аҩаӡара иалауреатхеит аноминациа "Жәлар рыкәашара" аҿы Жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный путь" аҿы ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ансамбль арҵаҩы-азыҟаҵаҩ Еснаҭ Сангәылиа.

"Акәашарақәа ҩба – "Ажәытә аԥсуа кәашареи" "Аԥсуа кәашареи" ықәҳаргылеит. Жәлар рыкәашара аноминациа ала актәи аҭыԥ аагеит. Афестиваль ахада Бедрос Киркоров иҳәарала ҳансамбль иагьаанартит иагьанаркит аконцерт хада", - иҳәоит иара.

Актәи аҭыԥ азы "Анаҟәаԥиа" аноминациа аиааиҩы идипломи ихраҿеи аиуит. Ахәаԥшыҩцәа ансамбль даара гәыкала ирыдыркылеит ҳәа иҳәоит Сангәылиа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный путь" мҩаԥысуеит Иалта, цәыббра 7 - 11 рзы. Иара иалахәын 150 рҟынӡа ашәаҳәаҩцәеи ахореографиатә коллективқәеи.

© Foto / Астанда МарыхубаАнсамбль "Анаҟәаԥиа" Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит
Ансамбль Анаҟәаԥиа Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Анаҟәаԥиа" Иалтатәи афестиваль актәи аҩаӡара иалауреатхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0