Мураҭ Ԥлиа: милаҭк ахаҿра анӡыруго, ухатəышьҭра анумоу - еиҳау разҟы ыҟаӡам

© Foto / Сырмa АшубаМураҭ Ԥлиа
Мураҭ Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла, Аԥсара ақыҭаҿы инхоз ҳџьынџьуаҩ Мураҭ Ԥлиа быжьшықəса раԥхьа Аԥсныҟа дхынҳəит. Уи иԥсадгьыл ахь илихыз амҩа дшацəхьамҵуа, насгьы араҟа ихы шибо атəы, ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Узеигəырӷьаша хҭысуп Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа нхара ҳəа иаауа ҳџьынџьуаа рыӡбахə ануаҳауа. Еиҳагьы игəадуроуп урҭ рхы-ргəы иақəгəырӷьо рџьынџь дгьыл аҿы ианынхо, аҭаацəарақəа анаԥырҵо, рҵеира анеиздырҳауа. Убас еиԥш, ҳџьынџьуаҩ Мураҭ Ԥлиа быжьшықəса ҵуеит Аԥсны дынхоижьҭеи, араҟа аӷьараҳəа аус иуеит, ауа-аҭынха, аҩыза-ақəла ирҳахьеит.

Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва  - Sputnik Аҧсны
Жанет Цыцԥҳа: сани саби ҭабуп ҳəа расҳəоит ҳаԥсадгьыл ахь нхара ҳахьааргаз

"Сара, Ҭырқəтəыла, Диузџье иахьаҵанакуа Аԥсара-Цхьынара сынхон. Сара сан даҭырқəа ҭыԥҳауп, убри иахҟьазар ҟалап аԥсышəала аҷҷаҳəа сцəажəо сахьыҟам. Аха, Аԥсны сахьааиз? саԥсшəа иацысҵеит, уи сара сзы даара игəахəароуп", - абас ицəажəара хациркит Мураҭ Ԥлиа.

Иазгəаҭатəуп, Мураҭ Ԥлиа иашьеиҵбы Седаҭгьы Аԥсны дшынхо. Ҩыџьа аишьцəа рыԥсадгьыл рыԥсы ирзалымхуа бзиа ирбоит. Зны-зынла иҟоуп рхы ианахашшаауа уажəаԥхьагьы рабдуцəа зныҵыз рыԥсадгьыл ахь иахьымаацыз азы.

"Ииашаҵəҟьаны, аԥсҭазаараҿы зегьы ҿҳəарак-ҿҳəарак рымоуп. ԥхыӡ избаргьы ихасымҵар ҟаларын, сыԥсҭазаара абас аҽаԥсахып ҳəа. Аха ауаҩы аԥхьаҟа дзықəшәараны дыҟоу заанаҵы издыруам. Зны-зынла лакəҵас исзааиуеит, снатəаны сыхшыҩ азышьҭны саназхəыцлак, убасҟан ауп Аԥсны дгьыл аҟны сшыҟаҵəҟьоу анеилыскаауа", - дҳацəажəон Мураҭ.

Мураҭ Ԥлиа, Аԥсныҟа дшааз заҳаз иашьцəа, ижəлантəқəа даара еигəырӷьеит. Данааз амш аҽны инаркны аимадара рыбжьоуп, рыцəгьа-рыбзиа еилоуп, еиҭанеиааиуеит. Иара Аҟəа ақалақь аҿы иаартны имоуп акəацҭирҭеи ашəҵатəы маҭəақəеи ахьырҭиуа адəқьанқəа.

"Ауаҩы дыхьынхозаалакгьы, ихы ныҟəигарц азы аус иуроуп, ихы дахашшаауа дыҟамзароуп. Аԥсынтəылагьы умаашьар, уззымиааиуа ус ыҟаӡам. Ашьыжь игылаз ауаҩы хықəкык имазароуп. Быжьшықəса раԥхьа санаази Аԥсынтəыла уажəтəи аҭагылазаашьеи еиҿурԥшуазар, иубарҭоуп ҳауаажəларгьы ҳаԥсадгьылгьы аҿиарамҩа ишану. Ауадаҩрақəа иахьабалакгьы иҟоуп, аха урҭ ииашаны иӡбалатəуп, убасҟан ауп амҩа иаша уананыло", - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишеит ҳџьынџьуаҩ.

Ҭырқəтəыла инхо Ԥлиаа рхыԥхьаӡара маҷҩым. Мураҭ дахьынхоз иқыҭаҿы Аԥсара 80 ҭаацəара рҟынӡа ыҟоуп. Иҟоуп иара убас иуԥыло егьырҭ аԥсуа жəлақəагьы:

Аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

"Сара сқыҭаҿы инхо аԥсуа жəлақəа иреиуоуп: Ашəаа, Кəаӡаа, Грынаа, Уанаҿаа, Ҳəатышьаа, Маршьанаа, Мамеҭаа, Аӡынаа, Ахаа, Акалҵбақəа уҳəа. Иаҳдыруа аԥсуара ҳаиҳабацəа ирҿаҳаҵааз ауп. Сгəы иалоуп аҭоурых бзианы еилкааны иахьаҳзымдыруа, ҷыдала исҳəозар, сара сыжəлантə рҭоурых убрахь иналаҵаны", - ҳəа азгəеиҭеит ҳџьынџьуаҩ.

Мураҭ излаиҳəо ала, дара рыжəлаҟынтə раԥхьа Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа нхара иааз Меҭин ԥлиа иоуп. Меҭин иҭаацəа иманы, ихҩыԥацəа иаԥхьа иргыланы иԥсадгьыл ахь ихынҳəра иҟалап иҿырԥшы бзианы иҟалазар иара ижəлантəқəа ԥлиаа рзы. Уи ус шакəу шьақəнарӷəӷəоит, аишьцəа Меҭини Седаҭи рхымҩаԥгара.

Мураҭ Ԥлиа дҭаацәароуп ҩыџьа ахшара драбуп, иԥшəмаԥҳəыс Аҩӡԥҳауп. Иара даара дрықəгəыӷуеит изызҳауа аҿар, иҭахуп ҵарадыррала Аԥсны ахьӡ-аԥша ҭыргарц, рыԥсадгьыл иахьӡырҳəагақəаны иҟаларц, ҳажəлар ирхыргахьоу агəаҟра ажəытəра иазынхарц, аҭоурых аҟны ашьҭа амырӡырц.

"Сара агəра згоит, маҷ-маҷ акəзаргьы, атəым тəылақəа рҿы инхо аԥсуаа рыԥсадьыл ахь ишыхынҳəуа. Аԥсадгьыл, абызшəа, аҵас, ақьабз, иааизакны милаҭк ахаҿра анӡыруго, ухатəышьҭра анумоу, еиҳау разҟы ыҟаӡам", - дҳацəажəон Мураҭ Ԥлиа.

Ииашаҵəҟьаны, зыԥсадгьыл акыр шықəса раԥхьа иахыгаз ҳауаажəлар, урҭ рыхшра, рмаҭацəа рџьынџь дгьыл ианазыхынҳəуа, еиҳау насыԥ ыҟам. Нас ишԥа, "Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп, ныӡаарас иҟоу тəымдгьылуп". Ҳаԥсадгьыл аҿы аԥеиԥш бзиа зегьы иҳамазааит, ҳаҩнду ҳ-Аԥсынра ԥшӡа еиднакылааит нырцəи-аарцəи иҟоу зегьы!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0