Аибашьра иаӡрыжәыз: аҷкәынцәа рхор аҭоурых

© Foto / предоставлено Алхаасом Чхамалиааҷкәынцәа рхор
аҷкәынцәа рхор - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Лев Смыр инапхгарала, аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны еиҿкаан аҷкәынцәа рхор. 1996 шықәсазы еиҿкааз арҿиаратә гәыԥ аҭоурых дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

3 минуҭк рыла 14 ашәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат аҟны Нодар Ԥлиа аҟазаратә кружок еиҿкааны иман. Аибашьра анеилга уи акружок иалаз ахәыҷқәа алархәны аҷкәынцәа рхор еиҿыркаарц рыӡбеит. Иҟалеит егьырҭ ашколқәа рҟнытә ахәыҷқәагьы ари ахор иалархәтәуп ҳәа зҳәазгьы, аха усҟан агәыԥ аҟны амилаҭ еилаԥса ҟалон, аԥсуа коллектив ҳәа ахьӡҵарагьы уадаҩхар алшон. Убри аҟнытә 1996 шықәсазы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Лев Смыр инапхгарала, уи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа алархәны еиҿкаан аҷкәынцәа рхор.

© Foto / предоставлено Алхаасом ЧхамалиаПервый абхазский мужской хор
Аибашьра иаӡрыжәыз: аҷкәынцәа рхор аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Первый абхазский мужской хор

Ҿыц еизгаз арҿиаратә гәыԥ раԥхьатәи ашықәс инаркны аихьӡара бзиақәа роуа иалагеит, дара хәажәкыра 18 рзы Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи агәыԥқәа жәпакы злахәыз аицлабраҿы аиааира ргеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҷкәынцәа рхор аҟны еизырго иалагеит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟнытә абаҩхатәра змаз ашколхәыҷқәагьы.

Уи ашьҭахь Лев Смыр иашәаҳәаҩцәа аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз акультуратә хҭысқәа зегьы ирылаирхәуан. Иара уи ашықәс азы аҷкәынцәа рхор ааԥхьара рырҭеит "Ашьыжьтәи аеҵәахә" захьӡыз урыстәылатәи "1-тәи аканал" еиҿнакаауаз ателехәаԥшратә еицлабрахь. Лев Алықьса-иԥа иажәақәа рыла, уахь ахәыҷқәа зегьы ргаразы алшара ыҟамызт аҟнытә, иалԥшаатәхеит ашәаҳәараҿы иреиӷьыз фҩык.

"Ашьыжьтәи аеҵәахә" аԥҟарақәа рыла асценаҟны гәыԥцыԥхьаӡа хԥа-хԥа минуҭ рыҭан. Лев Алықьса-иԥа уи аамҭа иалагӡаны иааӡамҭацәа аԥсуа жәлар рашәақәа 14 дирҳәеит. Аҷкәынцәа рхор аиааира ргеит хымз етапла ицоз ари аицлабраҟны. Смыр игәалаиршәоит аӡбаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз актиор, ашәҟәыҩҩы Леонид Иакубович ҷыдала ишаликааз аԥсуа коллектив рашәаҳәашьа. Акомпозитор, адирижиор Иури Саульски иакәзар, аицлабра анхыркәшаха аԥсуа коллектив ахьеилагылаз днеины зегьы аԥсшәа реиҳәеит, ихьӡала абжьгарақәагьы риҭеит.

Ԥшьымз рыҩнуҵҟа "1-тәи аканал" аефир аҟны есымчыбжьа ацәырҵра ашәаҳәаҩцәа қәыԥшқәа рзы еихьӡара дуӡӡан.

Искандер "имаҭацәа" Москваҟа рцара

Аҷкәынцәа рхор азы ари аҵыхәтәантәи жәларбжьаратәи цәырҵрамызт. Дара 1999 шықәсазы Москва ақалақь, Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҟны Фазиль Искандер 70 шықәса ихыҵра азгәаҭарахь ааԥхьара роуит.

Фазиль Искандер 70-шықәса ихыҵра аиубилеи, Москва - Sputnik Аҧсны
Адәыӷба №6: Искандер изы даҽа вагонк

Аха Лев Смыр игәыԥи иареи ирылымшаӡеит хьаада-баада Москва ацара. Шәача адәыӷба иҭаларц аихамҩатә вокзал аҟны ианнеи, ирарҳәеит Москванӡа абилеҭқәа зегьы шынҵәахьаз. Усҟан амимоза ашәҭра иаамҭан, иара алагьы идырҭәхьан авагонқәа. Аха Аԥснынтәи еицыз аделегациа анапхгаҩцәа астанциа аиҳабыра ирацәажәаны, ирулакь даҽа вагонк рзацрарҳәартә иҟарҵан, Москваҟа амҩа иқәлеит. Лев Алықьса-иԥа иажәақәа рыла, аԥсуаа асценахь ианцәырҵуаз, аиубилеи амҩаԥгаҩ Станислав Белза Фазиль Искандер имаҭацәа ықәгылоит ҳәа ауп ахәаԥшцәа ишрылаиҳәаз.

"Фазиль Искандер иџьынџьуаа дахьырԥылоз, ихатә иубилеи аҟны аԥсуа жәлар рашәақәа Урыстәылатәи атеатр дуӡӡа иахьықәыҩуаз агәахәара дуӡӡа инаҭеит. Игәы иахәап ҳәа ҳара ҳақәгылара имаҭа хәыҷгьы далархәны еиҿаҳкааит. Напеинҟьара дула ирыдыркылеит асценаҿы инаҳагӡаз ашәа "Наныкьара". Уи агәыԥ иалахәыз аҷкәынцәа иахьа ирызҳахьеит, иҟоуп зхатә ҭаацәарақәагьы аԥызҵахьоу. Аха зны-зынла ҳанааибабало, агәыԥ ҭаацәарак еиԥш еиҿкааны ианҳамаз аамҭақәа ргәаладыршәоит", - иҳәеит Лев Смыр.

Агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор, апоет Алхас Чхамалиа аҷкәынцәа рхор ахь дыргеит афбатәи акласс аҟны дантәаз. Уи аахыс еиԥҟьарада иара ахор аҟны ашәа иҳәон, абжьаратә школ далганы аҵара дҭалаанӡа. Иара иажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы иуадаҩын аиҭанеиааира, аха ахор анапхгара ирылшоз зегьы ҟарҵон ахәыҷқәа аҟазара радыԥхьаларазы. Иара агәра ганы дыҟоуп ашьаарҵәыра ӷәӷәа иалаԥшыз аибашьра аамҭазтәи абиԥара ҿыц азы ишхымԥадатәииз маҷк агәхаршҭра, аҟазареи арҿиареи аҽазкра.

© Foto / предоставлено Алхаасом Чхамалиааҷкәынцәа рхор
Аибашьра иаӡрыжәыз: аҷкәынцәа рхор аҭоурых - Sputnik Аҧсны
аҷкәынцәа рхор

"Исгәалашәоит еиуеиԥшым аконцертқәеи ахәылԥазқәеи ҳрыладырхәырц азы ҳрыманы Аҟәаҟа ианаауаз. Ҳәарада, аибашьра ашьҭахь атранспорт азы аиҵахарақәа ыҟан, ианааилахәлалакь, ақалақь аҩнуҵҟа аиҭанеиааира уадаҩхон. Аҩныҟа ҳанзымцалакь, иҟан ақалақь аҟны инхоз ҳауацәа рҟны ҳаныԥхьозгьы. Усҟан аҭелгьы цәырымҵӡацызт, ҳҭаацәа рыгәныҩра ҳалшомызт, аха дара ҳнапхгаҩцәа рыгәра ргон, ирдыруан ҭаацәак реиԥш ишаҳхылаԥшуаз. Алшарақәа шмаҷызгьы, иҟан агәыбылра ду, аҟазара абзиабара. Уи ҳара ҳнапхгаҩцәеи ҳҭаацәеи еицҳаларааӡон", - игәалаиршәоит Чхамалиа.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

2000 шықәсазы аҷкәынцәа рхор раԥхьаӡатәи агәыԥ абзиараз ҳәа анырҳәашаз аамҭа ааит. Зегьы ашкол иалганы, досу уск-уск рҽазыркит аҟнытә, ахор аилазаара ԥсахтәын. Алхас Чхамалиа иажәақәа рыла, ари аҟазаратә гәыԥ аҟны ииҵаз, ирҳаз рацәоуп. Иара иазгәеиҭеит ԥшьба-хәба шықәса рыҩнуҵҟа ирҳаз аԥышәа анаҩстәи иԥсҭазаараҿгьы кырынтә ишихәаз.

"Асцена азакәанқәа аԥсҭазаараҿгьы ахархәара рымоуп", - иҳәеит Чхамалиа.

Аҷкәынцәа рхор анеиҿкааз аамҭазы афонограмма макьана ицәырымҵыцызт аҟнытә аҷкәынцәа рхор бжьыцқьала акәын ашәақәа шынарыгӡоз. Ажәытәӡатәи ашәарыцаратә ашәақәа, алаф ашәақәа уҳәа, жәлар рырҿиамҭа акәын агәыԥ арепертуар шьаҭас иамаз. Лев Смыр ихор аханатә иаиҭаз ахырхарҭа иахьанӡагьы еиқәырханы иааигеит.

Абиԥарақәа еиҭныԥсахло, еиԥҟьарада иаауа ари ахор, иахьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа ахыбраҿы иазыҟарҵоит мчыбжьык ахьтә ҩынтә. Ашәаҳәареи акәашареи рыҟәшақәа хазы-хазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0