Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аилатәара аҿҳәара инахоуп

© SputnikЗаседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019
Заседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхас Кәыҵниа идукат аӡбаратә процесс аилазаара зегьы мап рцәылкит. Алхас Кәыҵниа ихаҭа аӡбарҭахь дымнеиӡеит. Иара иинтересқәа лыхьчон адукат Инга Габилаиаԥҳа.

АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аилыргаразы аилатәара аҿҳәара инахоуп ҳәа аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Алхас Кәыҵниа ихаҭа аӡбарҭахь дымнеиӡеит. Иара иинтересқәа лыхьчон адукат Инга Габилаиаԥҳа. Лара адҵа ҟалҵеит аӡбарҭа аилазаара мап рыцәкызарц, избанзар дара аханатә аилагара аманы еидкылан.

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы аӡбаҩ Анри Барцыц ицынхәрас (Анри Барцыц иҳәеит Алхас Кәыҵниеи Аслан Барцыци дахьрыуоу азы икандидатура ықәигеит- аред.) аӡбарҭатә коллегиа далагалан Диана Ԥлиаԥҳа. Ари еилагаран иҳаԥхьаӡоит. Аӡбарҭа ахантәаҩы аӡбаҩ диԥсахыр алшоит аус иахәаԥшуа аӡбарҭа аилазаара зегь иԥсахуазар. Анри Барцыц аилазаара ихалхра дақәшаҳаҭхеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа. Ари административтә усӡбараз Аԥсны Аҳәынҭқарра акодекс аԥҟара иаҿагылоит", - лҳәоит Габилаиаԥҳа.

Аӡбарҭа акәзар аилазаара аиҿкаараан еилагара ыҟаны иашьом. Рауль Ҳаџьымба ихаҭарнак Валери Агрба аӡбаҩцәа ирҳәо дақәшаҳаҭуп.

Аус иахәаԥшуа аӡбаҩцәа аҳәамҭа ҟарҵеит аӡбаҩцәа реилазаара мап ацәкра атәы зыӡбо ахантәаҩ иоуп ҳәа. Иахьазы аӡбарҭа аусура хнаркәшеит.

Суд - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ азы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум акәаԥ аргылароуп

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩныҵҟала аӡбамҭа аднакылар акәын.

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала алхрақәа раантәи аиааиҩы бжьеиҳала далхтәуп аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппанент изы иаҭаз абыжьқәеи иреиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьы еиҳала далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭирақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уи иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан ииааиз дшалкаатәу.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0