Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа иалацәажәоит

© Foto / МИД АбхазииЖеневатәи аиҿцәажәарақәа рҿы Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа иалацәажәоит
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа иалацәажәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәу 49-тәи рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп цәыббра 8-9 рзы. Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа иалацәажәараны иҟоуп.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәу 49-тәи рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп цәыббра 8-9 рзы. Уажәы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа иалацәажәараны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари, Џьихан Султаноглуи Рудольф Михалкеи реиԥылараан абри азҵаара агәҭынчымра шрызцәырнаго рҳәеит.

Тоиво Клаар иҳәоит ари азҵаара араунд амҩаԥысраан ихадоу аҭыԥ шааннакыло.

"Аҭагылазаашьа агәҭынчымра ду цәырнагоит. Ҳара ҳганахь ала иалшоны иҟоу ацхыраара ҟаҳҵоит", - азгәалҭеит Џьихан Султаноглу.

Иара убасгьы аиԥылара алахәылацәа азхьаԥшра арҭеит агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, актуалтә зҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0