Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь сынтәа 115 шықәса ахыҵит. Аханатә ари аҵараиурҭа иахьӡыз, аамҭа цацыԥхьаӡа иарбан хырхарҭақәоу иаланагалоз, насгьы иахьатәи аамҭазы уа аҵаратә процесс шымҩаԥысуа Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Аҵараиурҭа аҟнытә атехникум аҟынӡа

Аимператор инапынҵала ареалтә ҵараиурҭа 1904 шықәсазы Аҟәа иаԥҵан. Уи аамҭазы Аҟәа аус ауан алагарҭатә школ, иара убас аҳәса ргимназиа. Маҭәарқәас иҟан абызшәақәа, асахьаҭыхратә класс, афизика-техникатә зал уҳәа. Аамҭа цацыԥхьаӡа Аԥсны еиҳа-еиҳа азауадқәеи афабрикақәеи рацәахо ианалага, иаҭаххеит азанааҭ ҿыцқәа рыла адыррақәа змоу аҟазацәа. Убри аҟнытә 1921 шықәса инаркны ари аҵараиурҭа хырхарҭала игәылырҭәааны аиндустриалтә техникум ахь ииаргеит. Ареалтә ҵараиурҭаҿы аҵара рҵон, рҵаҩцәас аус руан уи аамҭазы аԥсуа интеллигенциа иахаҭарнакцәаз: Алықьса Ҷоҷуа, Дырмит Гәлиа, Миха Лакрба, Симон Ашәхәаҵаа уҳәа. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ара аԥсуа бызшәа амаҭәаргьы иахысуан.

© Фото : из архива Анзора АгумааАрратә нџьныр, архитектор Иван Николаи-иԥа Бегич ипроект ала иргылаз Ареалтә училишьче ахьыҟаз ахыбра
Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Арратә нџьныр, архитектор Иван Николаи-иԥа Бегич ипроект ала иргылаз Ареалтә училишьче ахьыҟаз ахыбра

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари аҵараиурҭа напхгара арҭон атәым бызшәақәа здыруаз, аҵара бзиа змаз Стасенко, Авилов реиԥш иҟаз ауаа. Усҟан арҵагашәҟәқәа ыҟамызт аҟнытә арҵаҩратә еилазаара рдыррақәа рхы иархәаны аметодикақәа еиқәдыршәон. Астудентцәа ирзаԥхьон агуманитартә маҭәарқәа: аҭоурых, аԥсабараҭҵаара уҳәа. Ари аҵараиурҭа иалгоз ауаа абжьараҟазаратә ҵара роуан. 

1904-1921 шш. рзы 750 ҩык ареалтә ҵараиурҭа иалгеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҵараиурҭаҿы иддырҵоз азанааҭқәагьы рхыԥхьаӡара иацлон: афымцалашаратә станциа, амашьына атехникатә маҵзура, афымцахархәагақәа рыҟаҵара, асасааирҭатә ус, ахәаахәҭратә наплакқәеи акрыфарҭақәеи мыругала реиқәыршәара уҳәа. Анаҩсшәа иаартын аихаҷамаҷа аус адулашьа, аԥҟашьа ахьыддырҵоз азанааҭқәа, аха урҭ зегьы иахьа иҟаӡам.

Аиндустриалтә техникум аамҭа-аамҭала еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа ирыҵанакуан. 1961 шықәса инаркны ари атехникум анапы ианҵан Қырҭтәылатәи Аҵара аминистрра. Аҵаратә процесс шьақәгылан ақырҭуеи аурыси бызшәақәа рыла. Иахьа ари аҵараиурҭа Аԥсны аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра иаҵанакуеит, "Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь" ҳәа хьӡысгьы иамоуп. Уи аусушьа шымҩаԥысуа ҳаблала иаҳбарц азы аҵараиурҭахь ҳамҩахыҵит.

Аԥхын ԥенџьырда еиӷьуп

Ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усқәа аҭахуижьҭеи акыр шааҵуа дырҵабыргуеит икыдыҷҷахьо аҭӡамцқәеи, зышықәснҵыра кырӡа уажәаԥхьа иахыԥахьоу аҩнымаҭәеи. Аклассқәа рахь абжьысырҭа акәзар, анкьа зны иҭарсахьаз аԥенџьырқәа зегьы каԥсахьеит. Ганкахьала, аԥхын ус еиҳагьы иманшәалазар ҟалап. Аха аколлеџь адиректор Габлиаԥҳа Светлана Никәала-иԥҳа излалҳәаз ала, аӡын ауада арԥхагақәа шырзаҿакугьы, ахыбра ӷәӷәала ахьҭа ҩналоит. Ари аҭагылазаашьа, ҳәарада, аҵаратә процесс иаԥырхагоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь ахыбра аиҭашьақәыргылара аҭахуижьҭеи акрааҵуеит
Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь ахыбра аиҭашьақәыргылара аҭахуижьҭеи акрааҵуеит

Иахьатәи аамҭазы аҵараиурҭаҿы 7 занааҭк рыла астудентцәа разыҟаҵара мҩаԥысуеит: атранспорттә машьынақәа ртехникатә маҵзура, асасааирҭатә сервис, абанк аус, аҩнқәеи ахыбрақәеи рыргылара, арадиоеимадареи арадиодырраҭареи ртехника аус адулашьа, ателехәаԥшратә техника аус адулашьа, ауаажәларратә хыбрақәеи анаплакқәеи фымцалашарала реиқәыршәара. Алекциақәа мҩаԥысуеит латәарала. Аус зуа астудентцәа рзы иҟоуп латәарадатәи аҟәшагьы.

Ҳаҩналеит аихацқәа рыла аԥенџьырқәа ахьаркыз ауадахь. Автотранспорт ахәҭақәа жәпакы имҵаҵаны 18-ҩык злахәу арԥарцәа ргәыԥ алекциа дырзаԥхьон Толкачиов Никәала Иуан-иԥа. Ари аколлеџь аҟны иара ԥшьышықәсоуп аус иуеижьҭеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукТолкачиов Николаи атехникатә хылаԥшразы алекциақәа дрыԥхьоит
Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Толкачиов Николаи атехникатә хылаԥшразы алекциақәа дрыԥхьоит

"Кыршықәса ақалақьтә совет аҟны атехникатә хылаԥшҩы еиҳабыс аус зуан. Тәанчара санца, ари аколлеџь аҟны азанааҭ азҟазацәа рааӡараҿы ацхыраара ҟасҵарц сыӡбеит. Аҵаҩцәа зегьы ҳәарада рылшарақәа еиԥшӡам. Аӡәы ашкол аҟны афизика амаҭәар ибзианы иҵон азы ара данааиуа еиҳа изымариоуп аматериал ашьҭкаара. Даҽаӡәы иаагәоуҭартә идыррақәа хьысҳауп аҟнытә, уи еиҳа аамҭа иқәырӡтәуп, ҷыдала аус идулатәуп. Урҭ ари аҵараиурҭа ианалгалакь хыԥхьаӡара рацәала есааира иаадыртуа амашьынаҟаҵарҭақәа рҟны аусура иалагоит. Ари азҿлымҳара дуӡӡа змоу занааҭуп", - иҳаилиркаауеит арҵаҩы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҟны иахьазы аҵара рҵоит 300-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа
Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҟны иахьазы аҵара рҵоит 300-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа

Ахаангьы ихьшәаӡам

Аекономикеи аҳасабеилыргареи рыҟәша II акурс аҟны аҵара зҵо Ноуба Милана аханатә асасааирҭатә сервис азанааҭ ала ари аколлеџь дҭалеит. Аха, лара излаҳалҳәаз ала, шықәсык мҵыцкәа еилылкааит аҳасабеилыргара еиҳа дшазааигәаз, дагьиасит уи аҟәшахьы.

"Ажәбатәи акласс анаҩс аколлеџь сҭаларц анысыӡба, ҳәарада инагӡаны исыздыруамызт иарбан занааҭу еиҳа сгәы иақәшәо, иақәымшәо. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа ахала ахы снарбеит ҳәа сҳәар сылшоит. Сзанааҭ алхраҿы сангьы лыхәҭаа алоуп, лара лабжьгарақәа роуп еиҳарак исыхәаз", - лҵараҭалара шыҟалаз еиҭалҳәеит Ноуԥҳа.

Аколлеџь адиректор Светлана Габлиаԥҳа лажәақәа рыла, азанааҭқәа зегьы азҿлымҳара бзиа рымоуп, аха аҷкәынцәа рыбжьара амашьынатә транспорт атехникатә маҵзура аҟәша ауп еиҳа пату зқәу. Аҭыԥҳацәа ракәзар, еиҳа рҽазыркуеит асасааирҭатә сервис, иара убас аекономикеи аҳасабеилыргареи рыҟәша.

© Sputnik / Томас ТхайцукАстудентцәа абаҩрҵәыра рҽахьазыҟарҵо ауада
Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Астудентцәа абаҩрҵәыра рҽахьазыҟарҵо ауада

Уажәазы аколлеџь аҟны аҵара рҵоит 300-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа. Лара лажәақәа рыла, сынтәа аколлеџь иҭалаз рхыԥхьаӡара 70-ҩык иреиҳамхеит, аха есышықәса арахь иҭало шәҩык иреиҵаӡам.

Ирзеиӷьаҳшьап нас Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аколлектив рҵараиурҭа аиубилеи азы аҵара иазгәыҳәуа астудентцәеи аусуреи аҵараҵареи рзы агәацԥыҳәара роуразы аҭагылазаашьа маншәалеи.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0