Аԥсны, Монголиа, Болгариа ржурналистцәа реидгылақәа аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит

© Foto / Союз журналистов АбхазииАԥсны ажурналистцәа реидгыла
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахаҭарнакцәа злахәу ҳаамҭазтәи ажурналистика афорум мҩаԥысуеит Шәача, цәыббра 22-27 рзы.

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны, Монголиа, Болгариа ажурналистцәа реидгылақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳаамҭазтәи ажурналистика афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахаҭарнакцәа злахәу афорум мҩаԥысуеит Шәача, цәыббра 22-27 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Ҳашыг иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра иалнаршоит аԥышәа аимдара, атәылақәа рыбжьара апресс-турқәа рымҩаԥгара.

"Болгариа ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩи сареи мышкала еицӡыраагеит "Урыстәылатәи ажурналистцәа рзы аҳәаанырцәтәи аԥсшьара". Асовет аамҭақәа рзы Варнеи Пицундеи асовет журналистцәа рыԥсшьарҭатә базақәа ыҟан. Ҳара иҳаӡбеит урҭ реиҭарҿиара. Уажәы Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрреи ҳареи аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит ареспубликаҿ ажурналистцәа рыԥсшьара аиҿкааразы", - иҳәоит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Руслан Ҳашыг иҳәеит цәыббра 25 рзы ишазԥхьагәаҭоу Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи Чечентәылатәи ажурналистцәа реидгылеи, иара убас Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи Даӷьсҭан ажурналистцәа реидгылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа анапрыҵаҩра.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахаҭарнакцәа злахәу ҳаамҭазтәи ажурналистика афорум мҩаԥысуеит Шәача, цәыббра 22-27 рзы. Иара иахьатәи аамҭазы иналукааша журналисттә форумуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0