Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Айнар Читанава Гьаргь Кәыҷ-иԥа Шамба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазку астол гьежь
Гьаргь Кәыҷ-иԥа Шамба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазку астол гьежь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археолог Гьаргь Кәыҷ-иԥа Шамба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз астол гьежь Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган. Уахь имҩахыҵит аҭоурыхҭҵааҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, археолог кыршықәса аус ицзухьаз ауаа.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Археолог-аԥсуаҭҵааҩы, кавказҭҵааҩы Гьаргь Шамба диит Гәдоуҭа араион Абгархықә ақыҭан, цәыббрамза 15, 1934 шықәсазы. Аҟәатәи апедагогикатә институт аҭоурыхтә факультет далганы, иара аамҭак азы Аҟәеи Ԥицундеи рмузеиқәа рҟны аус иуан. 1960 шықәсазы Гьаргь Шамба дрыдыркылоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы - Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт) археологиа аҟәшахьы. Ари аинститут иара иԥсҭазаара зегьы азикраны дыҟазаарын, избан акәзар аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа иара аус азиуан. Акыр шықәса археологиа аҟәша напхгарагьы аиҭон.

© Sputnik / Айнар Читанава Гьаргь Кәыҷ-иԥа Шамба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазку астол гьежь
Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Кәыҷ-иԥа Шамба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазку астол гьежь

Археолог игәалашәара иазкыз астол гьежь иалахәын Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеии Аԥсуаҭҵааратә институти рыҭҵаарадырратә усзуҩцәа. Аилатәара хациркит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа. Иара Гьаргь Кәыҷ-иԥа иусура Аԥсны аҳәаақәа мацара ирҭамыгӡакәа, Кавказҭҵаарагьы ирацәаны аџьабаа шазибаз азгәеиҭеит. Иара убас Џьапуа ицәажәараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Гьаргь Шамба ҩ-бызшәак рыла еицеиԥшны аусура шилиршоз.

"Ҳаиҳабы, аԥсуа археолог нага, Аԥсны аҭоурых инҭкааны аҭҵааразы аџьабаа дуӡӡа збаз, Аԥсны анҭыҵгьы аус ӷәӷәақәа мҩаԥызгахьаз уаҩын Гьаргь Кәыҷ-иԥа Шамба. Иара иусуреи иԥсадгьыл абзиабареи убри аҟынӡа дагәыланахалон, изныкымкәа иара иҩныҟа ҳанымҩахыҵуазгьы, иаҳбарҭан Аԥсны аҭоурыхи аԥсшәеи иара уаҟагьы аҳра шыруаз, актәи аҭыԥ аҟны ишгылаз. Аԥсышәалагьы ирацәаны дахьыҩуаз аҟнытә, иусумҭақәа аԥсуа ԥхьаҩы изы акырӡа иманшәалан, азҿлымҳара рыман. Археологиа ашьҭкаара аганахьала, хаҭала исыдибалаз аџьабаа ӷәӷәаӡоуп, хашҭшьа сзамам", - иҳәеит Џьапуа.

1962 шықәсазы Шамба Қырҭтәылатәи ССР Археологиеи аетнографиеи Ринститут аспирантура дҭалоит, 1967 шықәсазы "Антикашьҭахьтәи аамҭазы Аԥсны ашьхақәа ирыԥныз ауааԥсыра" атемала ихьчоит акандидаттә диссертациа.

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба археологиатә ԥшаарақәа раан
Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба археологиатә ԥшаарақәа раан

Шамба иҭҵаарадырра хадаратәла хырхарҭас  иаман: Аԥсни Кавкази рҭоурыхи рархеологиеи, ҳара ҳера ҟалаанӡа I азқьышықәсазы – I азқьышықәса ҳара ҳера аан. Аҵарауаҩ Гагратәи араион аҟны аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа инапы рылакын. Гьаргь Шамба ибзоурала аҭҵаарадырратә ҳәаақәа ирылагалахеит ашколқәа рмузеиқәа рҟны иҵәахыз Ҟалӷьҭатәи, иара убас Мқьалрыԥшьтәи аԥшаамҭақәа.

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба иалкаау иаартра ҿыцқәа аԥсуа қыҭа Аладатәи Ешыра иԥшааз артефактқәа ирыдҳәалоуп
Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба иалкаау иаартра ҿыцқәа аԥсуа қыҭа Аладатәи Ешыра иԥшааз артефактқәа ирыдҳәалоуп

Гьаргь Шамба иалкаау иаартра ҿыцқәа аԥсуа қыҭа Аладатәи Ешыра иԥшааз артефактқәа ирыдҳәалоуп. Иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы, аҵарауаҩ арҵаҩрагьы аанижьуамызт. 1996 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵан. Археолог инапы иҵихит ҩышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәеи амонографиақәа жәиԥшьи.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваАстол гьежь аҿы ицәыргақәҵан Гьаргь Шамба иусумҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа
Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Астол гьежь аҿы ицәыргақәҵан Гьаргь Шамба иусумҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа

Гьаргь Шамба иҭҵаарадырратә усуреи археологк иаҳасабала иеихьӡарақәеи дрылацәажәеит кыршықәса аус ицзухьаз Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа. Иара авторс дамоуп "Советская археологиа" захьӡу Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә журнал адаҟьақәа рҟны ианылаз Гьаргь Шамба имонографиа "Аԥсны I азқьышықәсазы" иазку астатиа ду.

"Сара даараӡа исықәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡоит Гьаргь Кәыҷ-иԥа иеиԥш иҟаз археолог ӷәӷәақәа аус рыцура сахьахьӡаз. Уаҩԥсык иаҳасабала иара кырӡа аинтерес иҵан, дуаҩы ҳалалын. Уадаҩрада иҭҵаарадырратә усумҭақәа уиҭар илшон, зыҭҵаара унапы алаку атемаҿы иухәарҭазар дреигӡомызт. Исгәалашәоит, Тҟәарчал араион аҿы антикатә аамҭа иаҵанакуаз ажырҭақәа аныԥшааха, имаз аматериал схьыгӡаны аҩымҭақәа сирҩит, аҭыԥ аҟны схаҭа сшыҟамызгьы", - игәалаиршәоит Кобахьиа.

Астол гьежь аҟны Гьаргь Шамба иԥшаамҭақәа рыхәҭак цәыргақәҵан, иара убас еизаз идырбан аҵарауаҩ изкыз авидеонҵамҭақәа.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваГьаргь Шамба иԥшаамҭақәа рыхәҭак цәыргақәҵан астол гьежь аҟны
Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба иԥшаамҭақәа рыхәҭак цәыргақәҵан астол гьежь аҟны

Археолог иааигәаны дыздыруаз иҩызцәа еицазгәарҭон иибаз аџьабаа шмаҷымгьы, аԥсуа археологиазы иҵегьы илиршашаз шырацәаз.

© Foto / из семейного архива Георгия ШамбаГьаргь Шамба уадаҩрада иҭҵаарадырратә усумҭақәа уиҭар илшон, зыҭҵаара унапы алаку атемаҿы иухәарҭазар дреигӡомызт
Археолог игәалашәаразы: Гьаргь Шамба изкыз астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Гьаргь Шамба уадаҩрада иҭҵаарадырратә усумҭақәа уиҭар илшон, зыҭҵаара унапы алаку атемаҿы иухәарҭазар дреигӡомызт

Гьаргь Шамба ианашьоуп Қырҭтәылатәи ССР, иара убас Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум аҳаҭыртә бӷьыцқәа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, иара убас аҭҵаарадырра ахырхарҭаҿы Гь.К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, археолог Гьаргь Шамба иԥсҭазаара далҵит жьҭаарамза 6, 2006 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0