Урыстәыла Аԥсны ԥшь-миллиард мааҭк аԥара азоунажьуеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааԥара
аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы афинанстә цхыраареи ареспубликаҿы аинвестициатә усура адгылареи ирзырхахоит Урыстәыла иазоунажьуа аԥарақәа.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ацхырааразы ԥшь-миллиард мааҭк аунашьҭуеит ҳәа аҳәоит 2020-2022 шш. рызтәи Урыстәыла афедералтә биуџьет Аилыркааратә шәҟәынҵа.

Апроект ала 2020 шықәса рзы ацхыраара миллиардки 753 миллион мааҭи рыла еизырҳауп. 2021 шықәса рзы иеизырҳахоит миллиардки 983 миллион мааҭи рыла. 2022 шықәса рзы – 249 миллион мааҭ рыла.

Аахыҵ Уаԥстәыла акәзар, 2020-2022 шш. рызтәи Урыстәыла афедералтә биуџьет Аилыркааратә шәҟәынҵа ишаҳәо ала, 2020 шықәса рзы иазоужьхоит миллиардки бжаки, 2021 шықәса рзы - миллиардки 700 миллион мааҭи, 2022 шықәса рзы - 163 миллион мааҭ.

Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра шазхаҵо азы Аусԥҟа анапы аҵеиҩит. Цәыббра 9, 2008 шықәсазы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0