Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы атурнир мҩаԥгахоит

© SputnikАхымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы жәларбжьаратәи атурнир
Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы жәларбжьаратәи атурнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥгахоит.

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik. Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара Жәларбжьаратәи изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" хацыркхоит жьҭаара 7 рзы ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны Ахымхәацәа-ампутантцәа ашьапылампыл азы Рфедерациа ахада Џьамал Барцыц.

Атурнир аадыртуеит асааҭ 12:00 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

Есышықәса есааира еизҳауеит атурнир алахәылацәа рхыԥхьаӡара. Иахьазы Аԥсны акомандеиԥш аҳәаанырцәтәи акомандақәа даҽа хәба алахәуп.

"Атурнир мҩаԥысуеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкны. Уажәы аԥсуа команда иалахәуп 12-ҩык. Ахәмарыҩцәа аҽазыҟаҵаразы аҭагылазаашьа рымоуп, аха проблемас иҳамоу атранспорт амамзаароуп", - иҳәоит Барцыц.

Аԥснытәи акоманда изныкымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа ирылахәхахьеит, алҵшәа бзиақәагьы аадырԥшхьеит.

Жәларбжьаратәи изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысуеит жьҭаара 7 - 14 рзы, иалахәхоит Аԥсны, Барнаул, Чечниа, Кемерово, Узбекистан, Даӷьсҭан ркомандақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0