Аполитикатә партиа "Амцахара" актив инарҭбаау реизара мҩаԥысуеит

© Sputnik / Асмат ЦвижбаАполитикатә партиа "Амцахара" актив инарҭбаау реизара мҩаԥысуеит
Аполитикатә партиа Амцахара актив инарҭбаау реизара мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара амш аҽны аоппозициа ахаҭарнакцәа, Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа аизара мҩаԥыргоит.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Асасааирҭа "Интер-Сухум" аҿы иалагеит аҵыхәтәантәи алхрақәа раан атәылауаа ралхратә зинқәа аилагара рыман ҳәа изыԥхьаӡо аоппозициатә политикатә партиа "Амцахара" актив инарҭбаау реизара. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит

Апартиа аԥхьагылаҩ, атәыла ахадас акандидат Алхас Кәыҵниа еизаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит адыррагьы риҭеит аизара ду аамҭақәак рышьҭахь имҩаԥысраны ишыҟоу апартиаҿы иазыԥхьагәаҭоу еиуеиԥшым аиҿкааратә еиҭакрақәа инарыдҳәаланы.

Цәыббра 20 рзы Алхас Кәыҵниа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ неишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра иашам ҳәа иазыԥхьаӡаны.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа иашшыԥхьыӡ еиҭакрада иааннажьит, иҵаҵӷәыркны АКХ аӡбамҭа иашоуп ҳәа ахнаҳәааит.

Жьҭаара 7 рзы Алхас Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа дахашшаны азыҳәа неишьҭит аӡбарҭа аҩбатәи аинстанциахь.

Sputnik аинтервиу аҭо иара иҳәеит ахашшааратә инстанциа иҟоу шыҟоу иааннажьыр Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа апрезидиум ахь азыҳәа шынашьҭхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0