Аԥсныҟа аинновациатә лаҵа ааргеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшь-хкыкны еилоу аинтерактивтә лаҵа аус адулоуп 2019-2020 шықәсқәатәи ааамҭахҵәазы. Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аԥсныҟа иааган х-хәҭакны иҟоу алаҵа, 15 000 цыра инарзынаԥшуа.

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аимҳәа иаҿагыло ԥшь-хкыкны еилоу алаҵа "Ультрикс квадри" зықь-цыра ааргеит Аԥсныҟа ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аимҳәа хызҽша алаҵа аҟаҵара иалагоит

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла алаҵа 18-60 шықәса зхыҵуа ауаа аамҭахҵәахатә еимҳәа рылаҵәараан ахархәара арҭоит. Иара убасгьы иара ацхыраара ҟанаҵоит А, В ргәыԥ иаҵанакуа аимҳәа ацәырҵраангьы. Алаҵа ҟазҵаз ауаҩы иммунитет 12 мзы инарзынаԥшуа ахьчара алшоит.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аԥсныҟа иааган х-хәҭакны иҟоу алаҵа, 15 000 цыра инарзынаԥшуа.

"Ԥшь-хәҭакны иҟоу алаҵа х-хәҭакны иҟоу алаҵа излеиԥшым авирустә еимҳәа агәыԥ В (лацәаҳәа Victoria)" антиген аилазаашьалоуп" ҳәа азгәарҭеит аминистрраҿы.

Алаҵа ҟазҵар зҭаху ареспублика ауааԥсыра зегьы алаҵаҟаҵаразы ԥынгыла рымамзар аполиклиникақәа ирҭаар рылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0