Гәдоуҭа араион аҟны аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

© SputnikРейд ДПС
Рейд ДПС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 16 асааҭ 9:49 рзы Приморское ақыҭаҿ аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит. Амедицинатә гәаҭара данахрыжь ашьҭахь ишьақәыргылан арыжәтә ма анаркотикатә маҭәашьар идкылан дшыҟамыз.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Автомашьына Volkswagen Jetta аԥсҟы зкыз ашьапылауаҩ дисит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.

Амҩатә машәыр ҟалеит жьҭаара 16 асааҭ 9:49 рзы. Автомашьына Volkswagen Jetta аԥсҟы зкыз Гәдоуҭантәи Аҟәаҟа ихы рханы дцон. Амҩаду "Ԥсоу-Егры" 72-тәи акилометр аҿы Калдахәара ақыҭан инхоз, 1994 шықәса рзы ииз ауаҩԥсы дисит.

Иоуз аахақәа ирыхҟьаны иара аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Амашьына аԥсҟы зкыз Гәдоуҭатәи араионтә ҟәшахьы днаргеит.

Амедицинатә гәаҭара данахрыжь ашьҭахь ишьақәыргылан арыжәтә ма анаркотикатә маҭәашьар идкылан дшыҟамыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0