Тҟәарчал алақәа рнырҵәара иацырҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБездомные собаки
Бездомные собаки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ала хуаадақәа рышьра иаҿуп. Иаарышьҭыз авидео автор иажәақәа рыла алақәа ршьуеит ҽынлагьы, уаанӡа ишазгәаҭаз акәымкәа.

АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Sputnik Аԥсны аԥхьаҩ аредакциахь иааишьҭит Тҟәарчалынтәи авидео. Аԥхьаҩ иинформациала алақәа ршьуеит ҽынлагьы, хәыҷи-дуи ишырбо.

Уаанӡа иҟоу аҭагылазаашьа Sputnik Аԥсны аҟны ахҳәаа алҭахьан араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла ари ауснагӡатә ақалақь ауааԥсыра рыҳәарала имҩаԥыргоит. Урҭ араион ахадарахь арзаҳал нарышьҭит, алақәа ршәарҭара иацәырыхьчарц азы.

Чачхалиаԥҳа илҳәеит ала чымазцәеи ҭынха дызмам алақәеи рбаразы ма рыхәышәтәразы араион ахадара алшара амам ҳәа.

Тҟәарчал ЖКХ аиҳабы Резо Гопиа иазгәеиҭеит иршьуа алаапкқәеи ашәарҭара злоу алақәеи роуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0