Лахьынҵак еиднакылаз: Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəра иалахəыз аибашьцəа ргәалашәара

© Foto / Марина БарцыцВстреча бойцов Восточного и Западного фронтов
Встреча бойцов Восточного и Западного фронтов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 26, 1992 шықəса рзы Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəра иалахəыз аибашьцəа Џьон Зарандиеи Гурам Кəарҷиеи дрыҿцəажəеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

1992 шықəса жьҭаарамза 25-26 рзы Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəразы ицоз ажəылара ҳаибашьцəа ахамшҭыхə рзаанагеит, аибашьра цонаҵы ашьҭа ҕəҕəа ннажьит, егьа аҭагылазаашьа уадаҩзаргьы аҧсҭазаара амҩахь икылнагон. Еиҿагылан еиҟарамыз амчқəа, ҳарҧарцəа ирызҭаз агəаҕь, ирылаз адоуҳамч акы иузаларҩашьомызт, аҧсра абла иҭаҧшуа, рыҧсадгьыл ианықəуа ицон ҧхьаҟа, ҧхьаҟа ахақəиҭрамҩахь.

Иван Гәниа  - Sputnik Аҧсны
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны

Аибашьра еибашьроуп, узықəшəо уздырам, иҟоуп хырҧашьа змам ахҭысқəа уаҧхьа иангыло. Ашьоурахьы иуҧхьоит убла ишабо уҩызцəа анувыршьаауа, акырӡа аҵанакуеит усҟантəи аамҭазы аиҳабацəа, аҧызацəа ражəа, рхымҩаҧгашьа. Ус еиҧш иазхəыцуеит сзыҿцəажəоз аибашьцəа, афырхацəа.

Хаҭала Борис Ԥачлиа "Дед" ҳəа зарҳəоз агəыҧ иалаз, Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəразы аџьамыҕəа цəгьа зхызгаз, ахəрақəа шрымаз аҕацəа рнапаҵаҟа иҟалаз, Қырҭтəылаҟа иагаз, иара убраҟагьы хаҵарыла зхы аазырҧшыз, аҕа иаҧхьа зхы лазмырҟəыз, аҧсыуак ишиаҭəаз ала зхы ныҟəызгаз Џьон Зарандиеи, Гəырам Кəарҷиеи. Иааихҵəаны иуҳəозар, арҭ арҧарцəа рҩызцəеи дареи рлахьынҵа рыцныҟəеит, ахамшҭыхə рхыргазаргьы, рыҧсадгьыл ахь еибганы ахынҳəра рқəашьхеит. Хаҭала, акырӡа исцəыуадаҩуп урҭ амшқəа рзы ҳаибашьцəа ирхыргаз ус ажəала аиҭаҳəара, ақьаад анҵара, иҟалап уи сара сзы ҧсҭазаара дук иаҩсуазар, заанаҵы аҭамзаара шьҭасҵоит...

© Foto / Сырма АшәԥҳаАибашьцəа гəымшəақəа Џьон Зарандиеи Гурам Кəарҷиеи
Лахьынҵак еиднакылаз: Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəра иалахəыз аибашьцəа ргәалашәара - Sputnik Аҧсны
Аибашьцəа гəымшəақəа Џьон Зарандиеи Гурам Кəарҷиеи

Аибашьцəа гəымшəақəа Џьон Зарандиеи Гурам Кəарҷиеи рыӡбахə саҳахьан, хаҭала исыздыруамызт. "Дед" игəыҧ иалаз аибашьцəа рахьтə иҟан сара сан лаҳəшьаҧацəа ҩыџьагьы, аҭыҧ аҟны иҭахаз Аслан Џьопуеи, аҕацəа ирҳəынҷаз уи иашьа гəакьа Руслан Џьапуеи. Руслан аибашьра ашьҭахь иҧсҭазаара далҵит ихьыз ачымазара иахҟьаны. Џьапуаа рҭаацəа рҟынтə лассы-лассы исаҳалон Аслани Руслани ирыцеибашьуаз рҩызцəа рыӡбахə, рыхьӡқəа, уи инаҷыданы Аҧсны аҭоурых адаҟьақəа рҟынтə "Дед" игəыҧ иаанарҧшыз афырхаҵара аӡбахə, аибашьцəа рлахьынҵа џьбара.

Аслан Џьапуеи иҩызцәа аибашьцәеи - Sputnik Аҧсны
Ҩыџьа аишьцәа рлахьынҵа

Сзыҿцəажəоз аибашьцəа акырӡа ирцəыуадаҩын урҭ ахҭысқəа ҩаҧхьа рышьҭа ахылара, еицҿакны ирҳəоз акакəын: "иҭахаз ҳашьцəа роуп ажəа зыхҳəаатəу, урҭ зегьы фырхацəоуп", - ҳəа. Ҳаиҿцəажəара ахацыркра акыр ишыхьанҭазгьы, ҳанхылеит агəалашəарақəа рышьҭа.

"Гагра ақалақь ахы ианақəиҭха ашьҭахь, ҳара ҳгəыҧ мраҭашəарантəи мрагыларатəи афронт ахь ҳаиасырц ҳаӡбеит, Тҟəарчалҟа. Гəдоуҭеи Гагреи х-гəыҧк ықəыргыланы ирыман, аҭаҩра ианалага ҳара ҳгəыҧ ахьӡ иазҵааит, усҟан, зыҧсаҭа бзиахаша Аслан Џьопуа "МГУ" ахьӡуп ҳəа ҿааиҭит. Ус иагьаанхеит ҳгəыҧ ахьӡгьы", - ҳəа азгəеиҭоит Леон иорден занашьоу Гурам Кəарҷиа.

Жьҭаарамза 25 рзы арҧарцəа ирылшеит верталиотла Тҟəарчалҟа аҧырра, агəыҧ командаҟаҵаҩыс даман Нодар Кəарҷиа.

"Уи аҽны Гəдоуҭантəи мрагыларатəи афронт ахь иааз агəыҧ аилазаараҟны иҟан: Беслан Делба, Аслани Руслани Џьопуаа, Руслан Ҳаџьымба, хатəгəаҧхарала еибашьуаз Руслан Трунов, Ахра Ҳаџьымба, Ахра Берзениа, Едик Ҳашба, Славик Инаҧшьба, Платон Бигəаа, Мариал Кəыҵниа, Ахра Кəарҷиа. Аҟəарчаҧантəи аеродром аҿы ҳтəеит шьыбжьышьҭахь, бџьарла ҳаиқəных ҳаҟан. Ашьҭахь, ҳауацəа-ҳҭахцəа рахь ҳцеит, амала еибаҳҳəеит адырҩаҽны шьыбжьышьҭахь аштаб аҟны ҳшеиқəшəоз", - игəалаиршəоит Гурам Кəарҷиа.

Мурман Гварамия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәарамиа Очамчыратәи ажәылара иазкны: аԥышәа ҳнаҭеит, аӷа ашәара изнарҵысит

Ишырҳəахьаз еиҧш, аштаб аҟны еиқəшəеит, адҵагьы роуит џьаргьы имцарц, дук хара имгакəа ажəылара ҟалараны ишыҟоу рыларҳəеит. Аҷкəынццəа зегьы еицҿакны ирҳəаз акоуп: "Хымҧада, уи азоуп Тҟəарчалҟа ҳзааз". Ахəылбыҽха амашьына "ЗИЛ" иақəтəаны Ҧақəашьтəи ашкол ахь ицеит. Амҩан, аибашьра иациз Аҧсны иазкыз ашəақəа ҳəо, ргəалаҟара шьҭыхны ауп ақыҭахь ишааз. Уаҟа еиқəшəеит егьырҭ аибашьцəеи дареи. Усҟан иабардыруаз арҭ аибашьцəа ирзыҧшыз ахлымӡаах, ргəырҕьарашəа амҩабжра ишҿахҵəоз...

"Ҧақəашьтəи аштаб аҟны Борис Ҧачлиа (Дед) Очамчыра ақалақь алаларазы аоперациа аплан еиҭеиҳəеит. Нодар Кəарҷиа иазгəеиҭеит, ажəылара акыр ишшəарҭахоу, ишыуадаҩхоу, убри азы излымшо аагыларц шыҟалоу. Аха, уаҩ ҳаанымкылеит, зегьы абаржа ҳаҧыларц ҳаӡбеит. Амш цəгьа ҟалеит, ақəа кыдхаҽа илеиуан. Ҳаҧхьа дгылан дцон Дед, акыр ҳшыбааӡазгьы амшын ахь ацəырҵра халшеит", - иҳəеит аибашьра аветеран Кəарҷиа.

Амшын бааҧсыла ицəқəырҧон, адесант зҭаз абаржа ыҟамызт. Ҧыҭраамҭак абаржа иазыҧшит аҷкəынцəа, издыруада аӡхыҵра залшозар ҳəа, аха ргəыҕрақəа реижьеит. Ҧақəашьынтəи Гəдааҟа ицəырҵит, убраҟа акəын абаржа иаҧыларан иахьыҟаз, амшын аҿықə аҟны.

"Зҽеидызкылаз агəыҧқəа ирылахəыз рхыҧхьаӡа 32-ҩык ҳаҟан. Дед идҵаҟаҵарала иахьахəҭаз аҭыҧ аҿы ҳааит. Аалӡга ацҳаҿы игылан ақырҭқəа рпост. Раҧхьа Аслан Џьопуа гранатамиотла дхысит, анаҩс ааигəа игылаз автобус деихсит. Ацҳа ақəсра ҳшаҿыз амашьына "Камаз" шаауаз ҳбеит, уи деихсит Гурам Кəарҷиа. Ааха ҳамаӡамкəа, Бесик Делба маҷк дхəын, ацҳа ҳақəсны Очамчыратəи амилициа ахыбра аҟынӡа ҳнаӡеит. Арациагьы ыҟаӡамызт, егьырҭ аҧсуа архəҭақəеи ҳареи ҳазлеибадырша акагь ҳамамызт, ҳара-ҳара ҳнибамырҵəарц азы амилициа рҟны ҳаанкылар акəхеит. Ахысра иалагеит, ақалақь аҟны амацəаз ҳҭаркит ақырҭқəа. Иҟаз аҭагылазаашьа анаҳба ҳаҧхьаҵырц ҳаӡбеит, арахь аҭыҧқəагь ҽеила иҳаздыруамызт, Аҧсны сиит аха уи аган сықəнамгалацызт. Амҩан амашьына "Уазик" ҳбеит, ҳазегьы убри амашьына ҳақəтəеит, километрак ҳамнаӡацкəа агьежь аҵыҵит, аҿаҧхьа игылаз газ-52 "Техпомощь" амашьына иақəыз аҧҳə ақəхны, (аҧшəма иақəҳархит) жəабаҟа кыла ааныжьны ҳақəтəеит", - дҳацəажəон Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəразы имҩасуаз ажəылара иалахəыз Џьон Зарандиа.

Степан Зантария  - Sputnik Аҧсны
Зыламыси зыуаҩреи цқьаз: Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа игәаларшәаразы

Арҧарцəа амашьына иақəтəаны хəкилометрак имнеицкəа, ирзыҧшын "аҧсра амҩа" , Аҽгəара абжьаларҭаҿы ианнеи амашьына иеихсуа иалагеит. Еицыз 32-ҩык рахьтə уаҟа иҭахеит 19-ҩык, иҟан ихəыз, ирҳəынҷаз ҳаибашьцəа, зыҧсы ҭаны еиқəхаз шеиқəхаз акыр иџьашьатəуп. Уаҟа инымҵəеит арҭ арҧарцəа ирхыргараны иҟаз аҧышəаратə аамҭа.

"Руслан Џьопуа, Гурам Кəарҷиа, Виачеслав Бганба, сара, "Скорпион" агəыҧ аҟынтə Вахо Лашəриа аҕацəа шасыс ҳаргеит. Ҳазегьы ҳхəын, сара исгəалашəоит егьи агəыҧ аҟынтəи Иван Гəыниа даныршьуаз, дызшьыцəҟьазгьы дызусҭаз збон. Ахра Берзениа убас еиҧш дзымҵысуа дхəын, зынӡа иҧсы шҭаз дшыхəаауаз дыблит. Руслан Турнов ҳəа иҳацыз аҷкəын убас еиҧш, ила ишабоз дыҧсит. Аҷкəынцəа ирхыргаз аҳəара уадаҩуп", - ихəыцрақəа ҳацеиҩишон Џьон Зарандиа.

Анаҩс, ирҳəынҷаз аҷкəынцəа Очамчыратəи администрациахь иргеит. Дара изларҳəо ала, амҩаду аҿы, агəыҧ "Скорпион" аҟынтəи аҧсуаа иреихсны ишыршьуаз рыла иабон.

"Аҩбатəи аихагылахь ҳанхаргала, аҭыҧантəи ақырҭқəа ааины гəыбҕан ҳарҭон, нас уаҕацəа шузныҟəо еилкаауп, ҳҿахəы ҳҿырхуан. Ус ҩаҧхьа адəахьы ҳдəылыргеит, ашьра ҳаргоз џьаҳшьон. Амашьына ҳҭартəаны астадион ахь ҳаргеит, ҳзыхьчоз аӡəы иҳəеит Қəҭешьҟа ҳшыргоз. Аверталиот ҳанақəдыртəа иаҳбеит ахəрақəа змаз Вахо Лашəриеи Славик Бганбеи уа ишҭаз. Қəҭешьынтəи Қарҭҟа ҳаргеит, уаҳа мчы ҳаламызт. Русики сареи ҳмахəарқəа еибаркны ҳдəықəлеит, илашьцан, амашьына хəыҷкəа ҳақəырҭəаны ҳаргон, амҩан иҳахҭысыз еилкаауп...", - игəалаиршəон Кəарҷиа.

Қырҭтəылаҟа иагаз аҧсуа еибашьцəа еибганы ихынҳəуеит ҳəа игəыҕуадаз? Егьа хамшҭыхə рхыргазаргьы, аҕацəа рҿаҧхьа рхы ламырҟəыкəа Аҧсныҟа ахынҳəра рылшеит, еиҭнырыҧсахлеит.

Џьопуа Артиом, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз - Sputnik Аҧсны
Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых

"Ҳаицыргеит аҷкəынцəа, Қарҭынтəи зыҧсы ҭаны ихынҳəыз рахьтə иахьа Гурам Кəарҷиеи сареи ҳауп иаанхаз, егьырҭ аибашьра ашьҭахь рыҧсҭазаара иалҵит. Қарҭ ҳахьнаргазгьы ааамҭаказы ҳаицын, аха нас ҳаибабартə еиҧш иҟарымҵаӡеит, хаз-хазы ҳаанкыланы ҳрыман. Қарҭ ҳахьнаргазгьы, ақырҭуак Гурам дааидгылан аҳəызбала дихəит, иҧсы маҷхан дынкаҳаит, анаҩс ахəра ҟазҵаз Гурам иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит, ҳаршьуазу , ҳаиҭнырыҧсахлартə еиҧш аҭагылазаашьа ҟалозу ҳаздыруамызт. Абриаҟара аџьамыҕəа цəгьа ҳхаҳгазаргьы, аҧсуаа ус еиҧш ҳхы мҩаҧаҳгаӡомызт ҳаҕацəа шҳазныҟəоз еиҧш", - ҳəа азгəеиҭоит Џьон Зарандиа.

Иахьа арҭ арҧарцəа гəыблыла иргəаладыршəоит реиҳабацəа, рҩызцəа. Урҭ рыхьӡ-рыҧша наунагӡа аҭоурых иазынхар рҭахуп. Аибашьра аҧхьагьы аиҩызара зыбжьаз, анаҩсгьы лахьынҵак еиднакылаз ҳаибашьцəа рҳəатəы рацəоуп.

"Ҽнак ҳаизыргеит хəҩык аҧсуаа: сара, Русик Џьапуа, Туза Лагəлаа, Кəтолынтə Чагəаак, Славик Бганба. Автобус "Икарус" азна ақырҭқəа ақəтəоуп еибашьра Аҧсныҟа ицоз, Поҭынӡа ҳааргеит, Ҧоҭынтəи Аҟəатəи абаҕəазахь. Хымш Аҟəа ҳаҟан, ареспубликатə военкомат ахыбра аҵаҟа, ашьҭахь ҳаиҭнырыҧсахлеит, уаантə Гəдоуҭаҟа ҳагеит. Сҽанысхəышəтə ашьҭахь агəыҧ "Шьараҭын" салалеит, сеибашьратə мҩа иацҵан", - иҳəоит аибашьра аветеран Гурам Кəарҷиа.

Џьон Зарандиа игəалаиршəоит ихамшҭыхəыз уи аҽны иҭахаз аибашьцəа рыхьӡқəа, иара убас аибашьраҿы ироуз ааха иахҟьаны анаҩс зыҧсҭазаара иалҵқəаз, иахьа зыҧсы ҭаны иаанхақəаз.

"Очамчыратəи ажəылараҿы фырхаҵарыла иҭахеит: Дед-Борис Ҧачлиа, Нодар Кəарҷиа, Џьопуа Аслан, Ҳаџьымба Руслан, Ҳаџьымба Ахра, Турнов Руслан, Бочаа Џьума, Гəарамиа Авто (Дади), Абелов Аркаша, Харчлаа Заур, Хоџьаа Омар, Қəачахьиа Даур, Берзениа Ахра, Ҳашба Едик, Асланӡиа Едик(Петиа), Инаҧшьба Славик, Бигəаа Платон, Самсониа Сократ. Аибашьра ашьҭахь рыҧсҭазаара иалҵит: Делба Бесик, Џьопуа Руслан , Бганба Славик, Хоџьаа Славик. Иахьа рыҧсы ҭаны иҳалагылоуп: Делба Ахра, Кəарҷиа Гурам, Ҭаниа Фред, Гəарамиа Мурман, Зарандиа Џьон (Демур), Какачиа Алеқсандр (Иалта), Нарманиа Игор, Хоџьаа Џьамал, Џьынџьал Ҭемыр", - аибашьцəа рсиа игəалаиршəеит Џьон Зарандиа.

Иара убас, аибашьцəа изларҳəо ала, Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəразы ицоз ажəылара иарҿыхаз рацəаҩхеит, избанзар ҳауаажəлар ирбарҭахеит усҟан ҧси-бзеи ишрызныҟəаз. Ҳаҕацəа цəгьаҧсышьа зырҭаз, ҳаибашьцəа ахьҭадырхаз аҭыҧ аҿы иргылоуп абаҟа. Урҭ ргəалашəара аҳаҭыразы есышықəса уахь инеиуеит иҭахаз рҩызцəа, рыуацəа-рҭахцəа, Аҧсны атəылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0