Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны

© Foto / семья Ивана ГунияИван Гәниа
Иван Гәниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 26, 1992 шықәса рзы Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы фырхаҵарыла иҭахаз аибашьцәа дыруаӡәкуп Маркәыла ақыҭа ииз, "Леон иорден" занашьоу Иван Сырбеи-иԥа Гәниа. Уи дызнысыз аибашьратә мҩа дазааҭгылоит агәыԥ "Скорпион" иалахәыз Робик Дочиа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥхьатәи амшқәа инадыркны зыԥсадгьыл ахьчара бџьаршьҭыхла игылақәаз дреиуоуп "Леон иорден" занашьоу Иван Сырбеи-иԥа Гәниа. Фырхаҵарыла иара дызнысыз аибашьратә мҩа, иуаҩра ҳаракы, игәымшәара, иҟазшьа аҷыдарақәа дырзааҭгылоит иҩыза гәакьа, агәыԥ "Скорпион" аибашьҩы, "Леон иорден" занашьоу Робик Дочиа.

"Нанҳәа 14 рзы, ашьыбжьышьҭахь Иван Гәниа иҭаацәеи иареи ахьынхоз Дранда аҳаблаҟынтәи Тҟәарчалҟа дааит. Иареи сареи аибашьра ҟалаанӡа ҩба-хԥа шықәса раԥхьа ҳаибадырхьан, аԥсыуаҵасла пату еиқәаҳҵон. Уи ауха зегьы ргәалаҟазаара бааԥсын, досу ҳхы-ҳҿы ианубаалон ашәарҭара ҳашҭагылаз. Егьа агәкажьра ҳацымзаргьы, ҳақәӡаара ааизшәа агәалаҟазаара ҳаман. Уи Ваниагьы ихы-иҿы ианубаалон", - аҩыза изы ажәа иҳәон Робик Дочиа.

© Foto / семья Ивана ГунияАибашьра алагамҭазы автоматқәа раԥхьаӡа изыԥшааз дреиуан Иван Гәниа
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Аибашьра алагамҭазы автоматқәа раԥхьаӡа изыԥшааз дреиуан Иван Гәниа

Робик Дочиа ҳаиҿцәажәара аламҭалазы иааирԥшит Ивани иареи еибырҳәахьаз маӡак. Раԥхьаӡа акәны уи ажәабжь ҳарҭ иаҳзеиҭеиҳәеит.

"Робик, Анцәа иумҳәан, аибашьра ҳаҵахан ҳҟалар, сара иуасҳәоит сыҽшԥызжәо, сыԥсы ҭаны сыҽшаансмыжьуа", - ҳәа сеиҳәахьан. Ваниа Гәниа абас еиԥш иҟаз агәаӷь изҭан. Нодар Какәбаа напхгара зиҭоз агәыԥ "Скорпион" иалаз ҳахьтә раԥхьа автоматқәа зкыз ҳмаҷын, аԥхьатәи амшқәа инадыркны Ваниа ҳара дҳацын. Аибашьра ҟалаанӡа аспорт ахь ҳныҟәон аиҩызцәа, карате ҳалан. Раԥхьа аҷкәынцәа рахьтә иҳацлаз Ваниа иоуп, нас иахьа аӡәы, уаҵәы даҽаӡәы, абас ала аҷкәынцәа ҳҽеизаҳкит", - ҳәа азгәеиҭоит аибашьра аветеран.

© Foto / их архива семьи Ивана ГунияАгәыԥ "Скорпион" еиҳарак ишьақәдыргылон аибашьра ҟалаанӡа карате ахь еицныҟәоз аиҩызцәа-аспортсменцәа
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Агәыԥ "Скорпион" еиҳарак ишьақәдыргылон аибашьра ҟалаанӡа карате ахь еицныҟәоз аиҩызцәа-аспортсменцәа

Жьҭаарамза 26 рзы, Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара иалахәыз иреиуоуп "Скорпион" аибашьцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Иван Гәниа. Усҟантәи амшқәа игәаларшәауа, Робик Дочиа иазгәеиҭоит аԥсреи абзареи иҭагылаз аибашьцәа ирхыргаз хашҭра зқәым ахҭысқәа.

"Усҟан даара амш цәгьа бааԥс ыҟан, ақәа леиуан адәахьы уздәылымҵуа аҟынӡа. Арасаӡыхьтәи Гогьиа ҷкәынак ҳамҩаԥигон, дыԥшыхәҩын иара. "Дед" икомандеи ҳареи ҳаиқәшәар акәын, ажәыларахьгьы ҳаиццар акәын. Ҳара ҳаплан убас иҟан, Очамчыра аӡеиқәа инҭаршәны хыхьҟа ҳхалар акәын, аҩнеихагыла ду ахьгылоу ҳнеины, "Дед" игәыԥгьы наҟынтәи иаҳԥыланы ҳаиқәшәар акәын. Аха аибашьраҿы зегьы еиқәышәшәа ианыҟамло ыҟоуп. Даргьы ҳаргьы ҳрациақәа бжьысит, ҳзымеигәныҩит. Очамчыра ҳаналала, жәаф еихагыла иҟоу аҩнду аҿы ҳаннеи, дара ҳгәарҭеит, хыхь акран гылан, алашьҭра иалагеит, уи дыргас ирымазар акәхарын, ҳаихсра иалагеит, абаржагьы ааигәаны игылан, аха изыӡхымҵӡеит, убас убра ҳалагеит аибашьра", - ахҭысқәа еиҭеиҳәон Робик Дочиа.

© Foto / семья Ивана ГунияИван Гәниеи Мрагыларатәи афронт аҟны дызцеибашьуаз Заур (Лакәыт) Зарандиеи Витали Дбари
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Гәниеи Мрагыларатәи афронт аҟны дызцеибашьуаз Заур (Лакәыт) Зарандиеи Витали Дбари

Очамчыра ақалақь аҿы игылаз аҩнеихагыла ду аамҭак азы ампыҵахалара рылшеит "Скорпион" алахәцәа, Иван Гәниа дназлаз. Урҭ аҟәарахьала инеины иакәшеит, нас амилициа рганахь алада илбааит.

"Ҳара ус ҳгәы иаанагон "Дед" даароуп ҳәа. Иҳамаз аамҭа нҵәо ианалага, ҳарҭ ақалақь ҳалалеит, арахь еимадара ҳәа џьаргьы акгьы ҳамамызт. Ҳашнеиуаз, ҳаԥхьа амҩа еихдарҭаҿы ақырҭқәа даараӡа иааигәаны итәан, аҳаихсра иалагеит. Амиран Џьапуа дырхәит, Чырхьына ҳәа хьыӡшьарас измаз. Уи Ваниа иаб иаҳәшьаԥа иакәын. Матуаа аишьцәа Омари Зураби рхәит, Вахо Лашәриа дырхәит, Цецхлаӡек дҳацын, уигьы дыршьит. Авокзал аган шыҟаз иҳакәшеит. Еибганы инхақәаз ҳаҷкәынцәа ирабжьаҳгеит ахәцәа рыманы излааз ала ицарц. Ваниа Чырхьына ибӷа дықәҵаны ддәықәлеит", - игәалаиршәоит "Леон иорден" занашьоу Робик Дочиа.

Иван Гәниа ицеибашьуаз иаб иаҳәшьаԥа Џьопуа Амиран (Чырхьына) Мушьни-иԥа
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Гәниа ицеибашьуаз иаб иаҳәшьаԥа Џьопуа Амиран (Чырхьына) Мушьни-иԥа

Уи аҽны аҩнеихагыла ду аҿы иахьнеиз, Иоселиани дыҟазаарын, уа дыҩнан. Убарҭ ақырҭцәа ирыцхраарц БМП наҟынтәи ишаауаз ҳаибашьцәа еихсит, аха ирзақәмыршәеит.

"БМП анырԥыла, ихынҳәын, даҽа мҩак ала ицеит, ҳара ақалақь ала ашкол аҟынӡа ҳалбааит. Уажәшьҭа уаҳа цхыраарак шаҳмауаз анаҳба, ҳашьҭахьҟа ҳхынҳәны ҳалҵырц ҳаӡбеит, аха ҳара ҳазлааз ала акәымкәа, даҽа мҩак ала ҳалҵит. Абас ала ҳаивнагеит, дара уа инхеит, ҩнык аҿы инеит. Уа иахьнеиз, ишырҳәо ала, аԥҳәыс чарҳәара рзылуит, шәца ҳәа иахьылышьҭыз аблокпост ыҟазаарын. Арахь апатронақәа нҵәеит, даҽа Матуа ҷкәынак ирыцыз агранат изҭан, атанк злаԥыржәоз. Дҳәазаны дцаны атанк иаҵаижьырц далагеит, аха азапал Ваниа Гәниа имазаарын. Абри шдырххоз, ақырҭцәа ахысра иалаган, уи Аматуагьы уа дыршьит, аҵыхәтәаны аграната аршәра ишахьӡазгьы", - игәыҭшьаагаз ахҭысқәа еиҭеиҳәон Робик Дочиа.

© Foto / семья Ивана ГунияИван Гәниа иашьцәа гәакьацәа рыгәҭа: акыр шықәса илаҽыз ичымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Виталии аибашьра аветеран, зуалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз Валерии.
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Гәниа иашьцәа гәакьацәа рыгәҭа: акыр шықәса илаҽыз ичымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Виталии аибашьра аветеран, зуалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз Валерии.

Абарҭ ахҭысқәа аныҟалаз уажәшьҭа Аалӡга ахықәан инаӡахьан. Амиран дшьабаны дыԥсхьан, аха Иван иԥсҭазаара зегьы зцихигахьаз, иашьа гәакьас ииԥхьаӡоз Чырхьына днимыжьит. Ақалақь дзалҵуазар, иара иԥсыбаҩгьы алигарц иҭахгәышьан.

"Аӡы ахықәан ианнеи, ҳаӷацәа амацәаз иҭаркит ҳаҷкәынцәа. Зынӡа иркуа ианалага, ирыӡбеит Аџьапуагьы аӡы даҭаны, даргьы Аалӡга аӡахьы иԥарц. Убас ала аԥсыбаҩ ӡхыганы, даргьы рҽырцәыргарц. Ус иагьыҟарҵеит, аха ргәахәтәы рзынамыгӡеит, еицыз зегьы рытҟәара рылшеит ҳаӷацәа", - иҳәоит Робик Дочиа.

Аха абра иҟалеит арыцҳара еиҭа арыцҳара. Ҳаибашьцәа зытҟәаз рыбжьара даацәырҵит аибашьра ҟалаанӡа аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа ирыхҟьаны Иван Гәниа изныкымкәан дызҿанагалахьаз қырҭуак. Уи иӷраз агәаӷ абра икаиршит. Аҟәарахьы дырган, уаҩы ишимбац дыргәаҟны, ирылыжжуаз агыгшәыгра аарԥшны иԥсҭазаара далырхит аибашьҩы гәымшәа Иван Гәниа. Аха иара, аԥсуа ишиаҭәоу еиԥш, ихы лаимырҟәит, аҵыхәтәанынӡа аԥсуа ида Аԥсны аԥшәыма дшыҟамло, аиааира ҳара ишаҳго шиҳәоз, иԥсы ихырхит... Дышдыргәаҟуаз збоз егьырҭ атҟәацәа изларҳәо ала, ҳаӷацәа дандырҳәацәоз, ирҳәоз аҭак аҟаҵара ацынхәрас, ргәы ԥижәарц, "Сыԥсадгьыл Аԥсны" ҳәа ашәаҳәара даҿын ахаан зыбжьы ҭыган ашәак анагӡара зқәымшәацыз Иван Гәниа. Убас даԥылеит аԥсра аԥсадгьыл аҵеи иаша.
© FotoИван Гәниа Ленинакан аррамаҵура данахысуаз
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Гәниа Ленинакан аррамаҵура данахысуаз

Робик Дочиа излаиҳәо ала, убри ақырҭуа убра диқәымшәазҭгьы, Ваниа деиқәхаргьы шыҟалоз... 

"Вахо Лашәриа деиқәхеит Мираб Кьышьмариа Афганистан ицеибашьуаз ақырҭуак абра дахьақәшәаз иабзоураны. "Мираб Кьышьмариа дызусҭа шәара шәзы?" - ҳәа данҵаа, "Ҳара ҳкомандаҟаҵаҩы иоуп", - иҳәеит Вахо. "Афганистан сара Мираб сеиқәирхахьан",- иҳәеит ақырҭуа. Уи акәхеит, ауаҩшьра илнамыршеит иԥсҭазаараҟны дзықәшәахьаз абри ахҭыс. Ваниа ишьрагьы Вахо иԥсеиқәырхарагьы минуҭқәак ауп ирыбжьысыз", - иҳәеит Дочиа.

Иван Гәниа данҭаха ашьҭахь, Робик Дочиа гәаларшәагас Ваниа ибушлат аҩныҟа иааигеит. Иахьагьы дахӡыӡаауа иҵәахны имоуп, аҭоурых иаҿахәҳәаганы наӡаӡагьы иаанхашт.

"Аибашьра еибашьроуп, аӡә дҭахоит, аӡә даанхоит. Ваниеи сареи еибаҳҳәахьан, аӡә ҳҭахоны ҳҟалар, гәаларшәагас иаҳтәу џьара акы еимаҳдарц. Иҭаацәагьы ирасҳәеит Ваниа ишәҵатәы сара сыҩны иҵәахны ишсымоу. Ваниеи сареи ҳаицеибашьуан, даара ихы бзианы иааирԥшит, дзыхьӡаз аибашьратә хҭысқәа зегьы дрылахәын, ҳаԥхьа дгылан, дгәымшәан, диашаҳәаҩын, даԥсыуа хаҵан, пату ду иқәын, ҳаԥхьа дыргыланы даҳбон", - иҩыза гәыблыла дигәалаиршәон Робик Дочиа.

© Foto / семья Ивана Гуния Иван Гәниа иԥшәма Буааԥҳа Маилеи рхәыҷқәа Лиусанеи Ҭемыри
Аԥсадгьыл азы ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз: Иван Гәниа ифырхаҵара иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Гәниа иԥшәма Буааԥҳа Маилеи рхәыҷқәа Лиусанеи Ҭемыри

Жьҭаарамза 26, 1992 шықәса Мрагыларатәи афронт аҭоурых аҟны акырӡа иуадаҩыз, ахьааи агәаҟреи цәырызгаз зынагӡара алмыршахаз аоперациа иарыцхәны иаанхеит. Иҟан ихәыз, ишьыз, идырбаандаҩыз, аԥсра абла иҭаԥшыз ҳаибашьцәа.

"Леон иорден" занашьоу Иван Гәниа иҩызцәеи иареи ргәымшәареи, рыгәаӷьреи, рыуаҩреи еизҳауа абиԥарақәа рзы иҿырԥшыганы иаанхоит.

Иахьа ихы зқәиҵаз Аԥсынтәыла иалагылоуп Иван Гәниа игәазхара изымбацыз иԥеи иԥҳаи, ирызҳауеит имаҭацәа. Иԥсы зыҿҳәараз иаб иаҳәшьаԥа, "Леон иорден" занашьоу Амиран Џьопуагьы иҵәҩаншьап мыӡит, иҭынхеит аԥеи аԥҳаи, ирызҳауеит урҭ рыхшара. 

Аҭынч аамҭа аԥеиԥшзааит ҳ-Аԥсынра, аибашьра иазку ахысбыжьқәа ахааназы иҭымҟьааит, ҳажәлар аԥеиԥш бзиа рымазааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0