Надежда Курченко лбаҟа еиҭашьақәыргылахоит

© SputnikНадежда Курченко лбаҟа еиҭашьақәыргылахоит
Надежда Курченко лбаҟа еиҭашьақәыргылахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп Аԥсны акапиталтә ргылараз аусбарҭа.

АҞӘА, абҵара 1– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аиҳабыра рыӡбрала 2020 шықәса рзы астиуардесса Надежда Курченко лбаҟа еиҭашьақәыргылахоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аминистрцәа реилазаара агуманитартәи асоциалтәи зҵаарақәа русбарҭа аиҳабы Елеонора Агрԥҳа.

"Акультура аминистрра 2017 шықәса рзы Аминистрцәа реилазаараҿ аус зуа амунументалтә комиссиа иаднагалеит абаҟа ареставрациа азура. Дара ргәаанагарала абаҟа ареставрациа мҩаԥыргар ауп аҟазауаа, Урыстәылатәи афедерациа аҵакыраҿы. Ҳара ажәалагала азынаҳашьҭит акапиталтә ргылараз Аусбарҭа. Дара усҟан ирҳәеит аусурақәа рынагӡара алшом ҳәа", - еиҭалҳәеит Агрԥҳа.

Надежда Курченко лбаҟа аиҭашьақәыргылаар мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет ахарџьқәа рыла. 2017 шықәса рзы аусурақәа рыхәԥса 440 000 мааҭ ҳәа иԥхьаӡан. Уажәы ари ахәԥса еиҳахоит ҳәа лҳәеит лара.

Восстановление памятника  - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аан иҭахаз рхашҭуам: аԥырҩцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп

Аџьынџьтәылатә еибашьраан абаҟа ааха ӷәӷәаны иаиуит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раан иара ана-ара иқәдыршәуан, аха 2013 шықәса рзы аҵла анақәҳа ашьҭахь шьаҭанкыла аремонт аҭаххеит.

2020 шықәса рзы 50 шықәса ҵуеит Надежда Курченко дҭахеижьҭеи. Лара 1970 шықәса жьҭаара 15 рзы Баҭым-Аҟәа ибжьаз аҳаирплан Ан-24 зымпыҵазхалаз атеррористцәа гәышԥыла дырҿагылеит, дагьҭахеит.

СССР Иреиҳаӡоу асовет апрезидиум ақәҵарала Надежда Курченко лгәымшәареи лфырхаҵареи рзы данҭаха ашьҭахь Абираҟ Ҟаԥшь аорден ланашьоуп.

Надежда Курченко Аҟәа апаркқәа руак аҿы анышә дамардеит. 1990 шықәса рзы лан иҟалҵаз аҳәарала Удмуртиаҟа лыԥсыбаҩ ииаргеит. Анышә дамадоуп лықалақь гәакьа Глазов.

Ажәабжьқәа зегьы
0