"Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь": агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа мҩаԥысуеит Москва

© Sputnik / Томас Тхайцук"Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь": агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа мҩаԥысуеит Москва
Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь: агәыҳалалратә фонд Ашана акциа мҩаԥысуеит Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь" мҩаԥысуеит Москва абҵара 2 асааҭ 19:00 - 22:00 рзы Вавилов имҩ., № 5 аҿы.

АҞӘА, абҵара 1– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь" мҩаԥысуеит Москва ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә проект "Гәык аҟынтәи аҽа гәык ахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит акциа. Апроект мҩаԥылгоит афонд адәныҟатә еимадарақәа рыҟәша анапхгаҩы Есма Ҳагԥҳа", - лҳәоит лара.

Агәыҳалалратә хәылԥазы аҿы иқәгылоит аестрада-џьазтә ансамбль "Каданс" – Александр Алавердиан инапхгарала.

Елина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп - Sputnik Аҧсны
Елина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп

"Ансамбль "Каданс" апроект ахалархәра аҭахижьҭеи акрааҵуан. Уажәы уи аҩыза алшара ҟалеит", - лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Еизгахо аԥарақәа азырхахоит ажәҩахтәҭԥара зыциз Елина Каленџьиан лыхәышәәтра.

"Асеиԥш акциақәа уаанӡагьы ареспублика анҭыҵ имҩаԥысхьан. Аиҳарак дара ирылахәу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа роуп. Даара иаҳҭахын Москва ауааԥсырагьы ҳуснагӡатәқәа адгылара рырҭар", - лҳәоит афонд "Ашана" адиректор.

Елина Каленџиан лыҩ-операциак рзы еизгатәуп 260 нызқь мааҭ.

Ахәылԥаз аҿы ансамбль "Каданс" адунеи еицырдыруа ашәақәа нанагӡоит. Акциа аҳаҭыртә сас ҳәа днеиуеит жәларбжьаратәи афестивальқәа рлауреат Милена Барцыцԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0