Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ашкол №2 аусура иалагеит
Аҟәатәи ашкол №2 аусура иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса лаҵарамзазы Пушкин ихьӡ зху ашкол амца акит. Ахыб зегьы блит. Амцарцәараан аԥхасҭа роуит акабинетқәеи акласстә уадақәеи.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рҵараиурҭахь ихынҳәит ҳәа адырра ҟалҵоит ашкол адиректор Ирина Повирскер.

"Иахьа аҵарашықәс аҩбатәи аԥшьбарак иалагеит. Аҵаҩцәа зегьы аремонт зызуу акорпус ахь ииаҳгоит. Аклассқәа зегьы рышкол ахь ихынҳәит. Аамҭала алагарҭатә классқәа рзы ахԥатәи асмена аус аулоит. Ашкол аҿы макьанагьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа еиҭалҳәоит адиректор.
© Sputnik Аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит
Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

Ахыбра ацентртә хәҭеиԥш макьана аремонт азуӡам аспортзалгьы.

Восстановление кровли второй школы после пожара, 17 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Иблыз аҟәатәи ашкол еиҭашьақәдыргылоит ахада ирезервтә фонд ала

"Аҵаратә процесси аремонти зныкала ҳарҿуп. Ҳара ишҳалшо ала ахәыҷқәа аргылара ахьцо имнеиртә иҟаҳҵоит", - лҳәоит Ирина Повирскер.

Ашкол аҿы аусура иаладыргеит акрыфарҭа. Абаҩрҵәыра аурокқәа аспортзал аремонт азухаанӡа адәаҿы имҩаԥыргоит.

"Ашкол анапхгара макьаназы афизикеи ахимиеи рлабораториақәа рҿы иҩноуп", - ҳәа азгәалҭеит адиректор.

Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа уажәраанӡа латәара-латәарадатәи ашкол аҿи "Альфа" ашкол аҿи аҵара рҵон.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩбатәи ашкол аусура хацнаркит
Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи ашкол аусура хацнаркит

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Фиодор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски 25-ҩык аҭыԥҳацәа рзы апансиони змаз агимназиахь иааиргеит. Уи лыхьӡ ахын аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАшколхәыҷқәа гәырӷьоит рыкласстә уадақәа рахь иахьыхынҳәыз
Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит - Sputnik Аҧсны
Ашколхәыҷқәа гәырӷьоит рыкласстә уадақәа рахь иахьыхынҳәыз

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩбатәи ашкол аспортзали ацентртә хәҭеи макьана ахархәарахь инашьҭӡам
Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи ашкол аспортзали ацентртә хәҭеи макьана ахархәарахь инашьҭӡам

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит. Ашкол аамҭала ииаган Маҷавариани, 15 аҭыӡҭыԥ аҟны игылаз ахыбрахь.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан. Уи аҭаӡара 2008 ԥшьыркца метр артәоит. Аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0