Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон

© Sputnik / Jakov Berliner / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПицунда акурорт. 1968 ш.
Пицунда акурорт. 1968 ш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1967 шықәса, абҵара 5 рзы иаартын Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаара. Уи аҿиарамҩа дазааҭгылоит усҟан арахь усура иаашьҭыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет атәым бызшәақәа рыҟәша 14-ҩык аушьҭымҭацәа ирылаз, иахьагьы зыуаажәлар ирзааԥсо Мери Ладариаԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Бжьышықәса инеиԥынкыланы зыргылара цоз акурорт аӡбахә СССР атәылақәа ирылаҵәахьан, уи жәларбжьаратәи аҩаӡара аманы ишыҟало ҳәа. Дыҟамзар ҟалап усҟантәи аамҭазы аӡәы, днеины блакы мацаралагьы аргылара ду збар зҭахымыз.

Мери Ладариаԥҳа лкурс, аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны, еибырҳәеит ари аобиект ишаҭаауа. Убасҟан, Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаара аргылара аиҳабыс иамаз Ҭамара Иуан-иԥҳа Гыцԥҳа аҿар ирзымҩаԥылгаз аныҟәара аахижьҭеи ашәышықәса абжа шҵхьоугьы, Мери Самсон-иԥҳа лгәалашәараҿы наунагӡа иаанхеит.

"Аргылара ахьцоз аҵакырахь ус баша-маша узҭаломызт. Зехьынџьара иахылаԥшуаз ауаа гылан. Нас ҳҩыза Лиудмила Сангәлиаԥҳа, Ҭамара Иуан-иԥҳа лҭаца ду лакәын аҟнытә, илзыналыцҳаит аҩнуҵҟа ҳнеины иаҳбар ҳҭахуп ҳәа. Усҟантәи аамҭазы аԥсуа ҳәсақәа уиаҟара иӡыргамызт азы, иџьаҳшьеит Ҭамара Гыцԥҳа лхатә кабинет ахьлымаз. Лусуратә аишәа аҭелтә аппаратқәа еиврыԥххаа иқәгылазшәа анаҳба, уи зынӡа ҳаршанхеит. Аҭыԥҳацәа қәыԥшцәа ҿырԥшыгас даҳзыҟалеит", - еиҭалҳәоит Мери Ладариаԥҳа.

Ҭамара Гыцԥҳа астудентцәа аобиект аргылара ахьцоз аныҟәара анырзымҩаԥылгоз, аидарамҩангагатә лифт ала ишьҭырххьаз акорпусқәа руак 14-тәи аихагылахь ихалгалазаап, уантәи аргылара амҽхак рбарц. Иара убасҟан, аԥсуа студентцәа рхы иҭагаланы иралҳәеит ари акурорт жәларбжьаратәи аҩаӡара шаиуа. Аҵара анхдыркәшалак абарахь аусура иаарц азы абжьгара рылҭеит.

© Foto / Предоставлено: Саидой Жийба Пицунда акурорт аргылараан
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
Пицунда акурорт аргылараан

"1967 шықәсазы, Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет атәым бызшәақәа рыҟәша 20-ҩык аԥсуа ҿар ҳалгеит. Фҩык рыда, Таиф Аџьба аредакциаҿы аусура далагахьан, егьырҭ аҭаацәарақәа ирылалахьан аҟнытә, иаанхаз 14-ҩык "Абхазсоветкурорт" аиҳабыс иҟаз Заур Тарас-иԥа Абӷаџьаа ҳааизиган, ҳхы иҭагаланы иҳаиҳәеит зыргылара хыркәшахаз, иаарласны ахархәарахь инашьҭхоз Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаарахь аусура ҳцарц, убраҟа ҳшьапы аҳаркырц, ақырҭуа милаҭ зегьы рымҽхаркаанӡа. Ус иагьыҟаҳҵеит", - илгәалашәоит Мери Самсон-иԥҳа.

Мызкы Одесса администраторцәа ркурс иахысыз 14-ҩык аиҩызцәа Мери Ладариаԥҳаи, Арда Ахԥҳаи, Анна Барцыцԥҳаи, Нелли Барцыцԥҳаи, Еҭери Коӷониаԥҳаи, Алла Кәартааԥҳаи, Џьулетта Ҷоҷуаԥҳаи, Полина Ашәԥҳаи, Галина Ҭаниаԥҳаи, Петиа Ашәбеи, Нури Хышбеи, Арсен Киути, Шота Леибеи, Мирод Гьериеи акурорттә еилазаараҟны аусура иалагоит акорпусқәа рҿы рҽеихшаны.

© Foto / предоставлено Мери Ладариа1967 шықәсазы, Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет атәым бызшәақәа рыҟәша аушьҭымҭацәа
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
1967 шықәсазы, Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет атәым бызшәақәа рыҟәша аушьҭымҭацәа

"Ҳазегьы Пицунда азеиԥшнхарҭа ҳаҩнарҵеит. Есышықәса ҩнеихагылак дыргылацԥхьаӡа ауадақәа ҳарҭон агәаран ҳақәдыргылахьан азы. Иахьа Пицунда иҟоу ажәытә нхацәа, аԥсуаа рзоуп изысҳәо, Ҭамара Гыцԥҳа лгәы ҳагәӡлар ҳахәҭоуп. Усҟан ақыҭақәа дрылаланы, аԥсуа ҿар аргыларахь иаалыԥхьон, "қьырмытк иадамхаргьы ишьҭышәх, нас Пицунда шәшьапы ашәыркратәы шәҟалоит" ҳәа рабжьылгон. Зхәыҷқәа зышьҭыр зҭахымызгьы рацәаҩын, "ирусузеи Пицунда" ҳәа, аха убарҭгьы рыгәшәа лҳәон. Арахь ҳанаауаз, агәра ганы ҳаҟан Ҭамара Иуан-иԥҳа директорс дҟалоит ҳәа. Аха акурорттә еилазаара иахагыло амедицинатә занааҭ имазароуп ҳәа Қарҭынтәи адҵа аныҟала, лара даҽа маҵурак ахь диаргоит, анапхгараҭара инапы ианҵахоит Виктор Баграт-иԥа Кациа. Уигьы уамашәа дыбзиан. Знызаҵәык ибжьы ҭыганы аӡәгьы имаҳацызт. Иааӡареи иаамысҭашәареи рҟны ицназгоз ауаҩы иԥшаара уадаҩын", - еиҭалҳәоит Мери Самсон-иԥҳа.

© Foto / предоставлено Мери ЛадариаПицунда акурорт аҟны аусура иаладыргаз аҿар раԥхьа азеиԥшнхарҭа иҩнарҵеит
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
Пицунда акурорт аҟны аусура иаладыргаз аҿар раԥхьа азеиԥшнхарҭа иҩнарҵеит

Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаара аусура ианалага нахыс, арахь есԥхынра ԥсшьара иаауан аҳәаанырцәынтәи атуристцәа: Германиа, Австриа, Польша, Финлиандиа уҳәа ирацәаӡаны аҳәынҭқаррақәа рахьынтә. Аӡынра СССР атәылақәа рҿынтә аусуцәа ргәыԥқәа ԥсшьара иаарышьҭуан.

Араҟа асасцәа зегьы ирԥылон ҳаҭыр дула. Рыкрыфара акәзар, аҩны иҟарымҵоз, иара ахаан згьама рымбацыз ачыс лыԥшаахқәа рыла идырчон. Ауалырқәа рызна аԥсыӡкәтаӷь ҟаԥшь, аиқәаҵәа, аԥсыӡ (атреска) агәаҵәа уҳәа акрыфарҭаҿы иқәгылан. Хаз хыбраны иҟаз ахәыҟаҵарҭа-фабрикаҿы иҟарҵон аалыҵбжақәа.

© Foto / предоставлено Мери ЛадариаМери Ладариаԥҳа
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
Мери Ладариаԥҳа

Акорпусқәа руадақәа ракәзар, еибыҭан зхаҭабзиара ҳараку аҩнымаҭәала. Аихатәы ԥардеихаԥсақәагьы абраауп раԥхьаӡакәны иахьцәырҵыз. Мери Ладариаԥҳа лажәақәа рыла, зны-зынла убас лгәы иаанагон, СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа.

"Араҟа иаԥҵаз аиҿкаареи ацқьареи ртәы ажәала иузеиҭаҳәом. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа аноурыжьлак, лаҵарамза анҵәамҭа инаркны, жәамш апрактика иахысуан арҵаҩцәеи дареи. Еицырдыруа Пицундатәи аԥсаҵлақәа рыҵаҟа бабыцк убомызт, идрыцқьон. Уи алагьы ирыларааӡон рықалақь (усҟан аҳабла ҳәа иҟан) ахӡыӡаара. Акурорт амаҵзуратә персонал руалԥшьақәа анынарыгӡоз убомызт. Ашара рҽалакны акәын ишырыԥссоз, агәамсам шықәыргоз. Пицунда ачаитә гәилқәа рыда акагьы еиҭарҳаӡомызт. Урҭ ахԥша рымоуп ҳәа иԥхьаӡан. Ажәакала, ашәҭқәаҵәҟьа рыхкқәа еилырхуан, баша-маша ҵиаак убомызт, убриаҟара аҳаҭыр шьҭыхын акурорттә ҭыԥ", - лажәабжь иацылҵоит лара.

Пицунда изызҳауаз аԥсақәа рхатә номерқәагьы рықәын. Иажәны ихжәоз ацынхәра еиҭаҳаны, уигьы ашәҟәаҿы иадырбон. Ажәакала, арҭ аҵлақәа ҭоурыхтә ҭынханы иԥхьаӡан.

Мери Ладариаԥҳа администраторс аус ахьылуаз Алықьса Смыр директорс дызмаз акорпус "Аԥсны" аҟны акәын. "Колхида" захьӡыз акорпус ахь уи ашықәсан аусура иаашьҭын Қарҭтәи ауниверситет аушьҭымҭацәагьы. Аха урҭ уамак иаанымгылакәа ртәылахь игьежьит.

© Sputnik / Эдуард Песов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкурорт "Пицунда"
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
Акурорт "Пицунда"

Мери Ладариаԥҳа раԥхьатәи луалафахәы 60 мааҭ ыҟан. Лҩызцәеи лареи аԥара рнапаҿы ианроу, еигәырӷьаны иаразнак инырхзаап. "Аԥсшьарамшқәа раан ақыҭақәа рахь ҳанца, ҳҭаацәа капеиқәак ҳашәҭ ҳәа ҳрыҳәеит. Дара иааџьаршьан, "иҟоу жәдыруоу, шәара уажәшьҭа аус жәуеит, шәхы ныҟәыжәга", ҳәа ҳарҳәеит. Уинахыс ҳуалафахәы хшыҩла аныхшьа ҳҵеит", - алаф ахҳәаауа ахҭыс лгәалашәоит Мери Самсон-иԥҳа.

Акурорттә еилазаараҟны аколлектив рҳәоу еиқәшәаны иҟан. Администраторцәа, ауадеилыргаҩцәа ҳәа рҽеихыршомызт, еицхыраауан. Зны амшын ацәқәырԥа шьҭыҵын, актәи аихагылақәа аӡы рыҵалеит. Ауха аҩныҟа имцакәа адиректорцәеи дареи зегьы дрыцқьеит. Аԥсшьаҩцәа ракәзар, еихшаны рҭаацәа, рыуа-рҭынха рахь ирышьҭит. Даргьы убриаҟара аилкаара аадырԥшызаап, џьара гәынамӡарак рныумбаало.

© Foto / предоставлено Мери ЛадариаАкурорт аҟны аус зуаз зегьы аҩнеихагылақәа рҟны ауадақәа рырҭон
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
Акурорт аҟны аус зуаз зегьы аҩнеихагылақәа рҟны ауадақәа рырҭон

Мери Ладариаԥҳаи лҩызцәеи Аҟәантәи егьырҭ аҵара рыцызҵозгьы рзаалон сасра. Убас, Таиф Аџьба аҭаацәара даналала, иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳаи иареи акорпусқәа руак аҿы иҩнарҵазаап.

Пицунда аҳәынҭқарратәи жәларбжьаратәи аиқәшәарақәа мҩаԥыргон СССР анапхгаҩцәа.

"Исгәалашәоит зны, Брежнев данаа, КГБ аусзуҩцәа шаҟа рылаԥш ҳхыз. Иара абжьааԥынгьы аколлектив ҳҟынтә џьара вбак рымбацызт. Убриаҟара зегьы ҭакԥхықәрала руалԥшьақәа ирызнеиуан", - ҳәа азгәалҭоит ажәабжьҳәаҩ.

Акурорттә еилазаара раԥхьатәи аиҳабы Виктор Баграт-иԥа Кациа иаамышьҭахь акыр шықәса дахагылан Енвер Ерасҭ-иԥа Қапба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы директорс дыҟан Александр Александр-иԥа Басилаиа.

Мери Ладариаԥҳа администраторс шықәсқәак аус уны, диаргоит акурорттә еилазаара акультура аҟәша аиҳабыс. 2015 шықәсазы ари аҟәша, Пицундатәи акультура аҩны ҳәа иҟаҵаны, Гагра араион акультура аҟәша иадырҵоит. Убра лара иахьа уажәраанӡагьы лыуаажәлар дырзааԥсоит.

© Foto / предоставлено Мери ЛадариаМери Ладариаԥҳа Пицундатәи акурорттә еилазаара акультура аҟәша аиҳабыс аус луан
Мери Ладариаԥҳа: СССР бзиарас иҟаз зегьы Пицунда иӡыргазшәа ҳбон - Sputnik Аҧсны
Мери Ладариаԥҳа Пицундатәи акурорттә еилазаара акультура аҟәша аиҳабыс аус луан

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа Пицундаҟа ааԥхьара раҳҭон Аԥсуа драматә театр, Тҟәарчалтәи акомедиатә театр. Афишақәа ркыдҵара анаҩсгьы, хаҭала аҭелтә еилыркаага аашьҭхны, ҩнаҭацԥхьаӡа сасны адырра рысҭон абри амш азы аспектакль ҟалоит ҳәа. Имҩаԥысуан ашәҟәыҩҩцәа реиԥыларақәа. Мчыбжьык ԥсшьарамшык акәын иҟаз, егьи абжьара есыуаха еиҿкаан акиноқәа рырбара. Акультура аҟәшаҿы иаартны иҳаман 15 рҟынӡа еиуеиԥшым акружокқәа. Иаҳҭаауаз ахәыҷқәа узыԥхьаӡомызт", - инаҵылшьит ҳажәабжьҳәаҩ.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаараҟны иҩнан ахҵәацәа. Акультура аҟәша хаз хыбраны иҟан аҟнытә, изныкымкәа икҿарҵахьан Нхыҵ-Кавказынтәи иааны еибашьуаз рахьтә иҭахоз, зыԥсыбаҩ рыԥсадгьыл ахь ирзымшьҭуаз, мамзаргьы ргара аамҭа аиаанӡа аҷкәынцәа.

Вид на Пицунду - Sputnik Аҧсны
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа

"Аибашьра анцоз Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә, акәашаратә ансамбль алахәцәа абраҟа аамҭа-аамҭала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Исгәалашәоит, зны рҽеизганы ажәыларахь иандәықәла, изықәтәаз автобус минуҭқәак рышьҭахь игьежьны ишааз. Руаӡәы дҩалбаан "адаули аккордеони ҳхашҭит, аиааира ҳгар иҳарҳәозеи" ҳәа ҿааиҭит. Убасҟан адәаны игылаз зегьы еимаҭәаны аҵәыуара ҳалагеит", - ахҭыс еиҭалҳәоит Мери Ладариаԥҳа.

Пицундатәи Еиду акурорттә еилазаара аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа акырӡа иуашәшәыран. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзоуп, уаанӡа иамаз еиԥш акәымзаргьы, ахԥша азыхынҳәуа ианалагаз, уи азы илшо зегь ҟаиҵоит иахьатәи адиректоргьы Нодар Иуан-иԥа Шьаҟрыл.

Мери Самсон-иԥҳа Ладариаԥҳа дызхагылоу акультура аҩны иагу даара ирацәоуп, аха ус егьа иҟазаргьы, еиқәырханы ирымоуп абиблиотека. Еиҿкаауп ашахматтә, асахьаҭыхратә, авокалтә уҳәа акружокқәа.

Пицунда ачаитә гәилқәа анышәҭуаз аамҭа сара сахааным, аха ҳаиҿцәажәара иалагӡаны Мери Самсон-иԥҳа Ладариаԥҳа лгәалашәарақәа ирыцыз ацәанырра ԥхақәа рыбзоурала, урҭ рыфҩы хаа снырит ҳәа сҳәарц сылшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0