Апассаџьыр Џьек 25 мааҭ шахысшәааз, мамзаргьы Федиа сыҵкы ахә шахҭнысҵаз

© Foto / Саида ЖибаАла Џьек
Ала Џьек - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиблиа ишаҳәо ала, ауаҩы аҭакԥхықәра идуп инапы иаиршьцылаз "иашьцәа еиҵбацәа" рзы. Аха зегьы инаҳагӡома анцәа иҳадиҵаз ауалԥшьа? Абри азҵаара аҭак ҟаҵо, иахьа ишәзеиҭасҳәоит адунеи ҳацеиҩызшо аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи сыԥсҭазаара аԥшшәы шахарҵо, ишдырлахҿыхуа атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҳазшаз адунеи анишоз, ауаҩы иаԥхьагьы адәы иқәиҵахьан аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи. Урҭ анаҩс еихшахеит аҩнатәи абнатәи ҳәа. Аҩнатә ԥстәқәа анҵаны измоу хымԥада иԥсҭазаара агьама ҷыда аҵоуп.

Схы ааздыруеижьҭеи аҩны иҳацынхоит алақәеи ацыгәқәеи. Иҟан 10-15 шықәса нызҵуазгьы. Ҳара ҳадагьы, урҭ агәыбылра рызцәырыргон, ҭеллагьы рыӡбахә иазҵаауан есышықәса Гаграҟа ԥсшьара иаҳзаауаз, аҩны иҳадаҳкылоз атуристцәагьы. Убас азеиԥш абзиабара иаԥсахеит иахьа жәашықәса зхыҵуа ҳла Џьек. Иауҭо адҵақәа шеилнакаауа аԥсышәала мацара ауп аҟнытә, ҳасасцәа идҳарҵеит "ара уааи, утәа, угыл, аферым" ҳәа зҳәара мариоу Џьек иадыруа ажәақәа.

Аԥхынразы сасра даҳҭан Ростовынтәи иаҳзаало Џьек ишыхәыҷызнатә издыруа сҩыза Света. Лара лыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны амшын ахь дцома, мамзаргьы баша ақалақь аҟны днеиааиуама, ҳла ахәдамаҟа нахаҵаны, ныҟәара илгоит.

Гагра ақалақь ажәытә хәҭа аҟәараҿы уиаҟара ауаа рацәам ҳәа, Света илыӡбеит сынтәа уа амшын аҭалара. Ҽнак илҭаххеит Џьекгьы лгарц. Шьапыла ихарацәан аҟнытә, ари аидеиа сгәамԥхеит, аха сҩыза лцәалтәымкәа дыҟан азы, мап сзымкит. "Сара атакси саԥхьеит, машьынала ҳцоит" лҳәан, сысаси слеи амшын ҭалара идәықәлеит.
Ахәылбыҽха Светеи Џьеки аҩныҟа иаазгоит ҳәа таксила срышьҭаланы снеит, аха амашьынаныҟәцаҩ ала аниба, иақәимыртәеит, дҳақәымчны ҳааныжьны дцеит. Ҩаԥхьа ҭелла даҽакы санаԥхьа, 30-40 минуҭ аԥшра аҭаххоит ҳәа сарҳәеит. Иҟаҳҵагәышьозеи, амҩаду ҳангылеит азеиԥш транспорт аанаҳкылоит ҳәа.

Щенок  - Sputnik Аҧсны
Ари аҩыза сымбацт: кыр аамҭа ласбак шысзымааӡаз

Аха рыцҳарас иҟалаз, Џьек збоз еиҭах мап ҳцәыркуан. Аҵыхәтәаны, еиҭа ала "зыблахаҵ аргьежьыз" агәра исыргеит ишьақәгылоу атариф ала аԥара шахысшәаауа. Амала уи ихы иақәнаиргоит ҳәа сҟамлеит. Амашьына ҳанҭыҵуаз 25 мааҭ игеит Џьек азгьы, ибжьы ныҵакын "шәыԥсы иамоуп" ҳәагьы нҳақәиҳәацәеит.

Амала сгәы ахәша ықәлеит Џьек ашьа шауз анызба, "аԥарагьы сымшәхуеит, шәагьсықәымчуеит" ҳәа саргьы сгәынамӡарақәа ахьынӡаиасҳәоз, сла амашьына ашә "арцәаакит". Иблақәа ырцәгьаны дыҳәҳәарц иҿы еихихаанӡа, "ари апассаџьыр асаара иртәаны иахьаажәгаз азы ауп" ҳәаны, ҳанҭҟьаны ҳцеит…

Ари ажәабжь баша-маша ишәыдсымгалеит.

Иахьа ашьыжь Џьек аҵыхәа кьаҿ ршәшәо агәашә ишадгылаз збеит. Убри аамҭазы ҩыџьа рнапқәа аанда иавырҳәҳәаны ахы ршьышьуан инеиҭак-ааиҭакуа, "аԥсы ҭазаап, умбои" ҳәа еибыҳәауа. Хаҵеи ԥҳәыси санырба, "хәышықәса раԥхьа шәара шәҟны ҳаԥсы ҳшьон, уажәы Адлерҟа ҳааит. Амш бзиа ҳхы иархәаны, иҳаӡбеит Гагра аныҟәара мҩаԥаагарц, убасҟан ҳаԥсы злахаз Џьекгьы ҳбарц" рҳәеит. Џьек "асасцәа" аҩныҟа иаасыԥхьан, аҩ ҿа агьама дсырбеит. Ианцоз, ишысымуазгьы, зықьмааҭ аԥара нрыжьит, "ҳахьӡала Џьек ааҵәак Chappi азаашәхәа" ҳәа анапынҵа сыҭаны…

Џьек анаҩсгьы, аамҭала азеиԥш бзиабара иаԥсан сыцгәы Федиагьы.

Ала - Sputnik Аҧсны
Алышькьынтыр: "Уахьца уаалеит, аа-лак аауцеит"

Уи убриҟара аԥшшәы аилаԥсашьа ԥшӡан, егьараан "сара исышәҭ" ҳәа зылаԥш иҵашәоз ианаҳәоз ыҟан.

Ацгәаԥсқәа иреиҽарбаратәы аамҭа анааи, иахьынеиааиуаз амашьына асзаап. Гагра аветеринар ианисырба, арентген ҟаҵатәуп, абҩаԥҵәа алазар ҟалоит иҳәеит. Уаҟа аппарат рымамызт азы, ахәышәтәырҭахь Федиа сыманы сцеит. Уатәи аҳақьымцәа "иааҳшәмырҟаҵо иҟоузеи" ҳәа ишыгәрымуазгьы, арентгенҭыхыҩцәа хәыда-ԥсада ҳамаҵ руит.

Сыцгәы ауаҭәа злеибаркыз абҩа еилаԥыхха ишыҟаз анеилкааха, аветеринар "Адлерҟа ига, араҟа аԥсы ҳзеиқәырхом" ҳәа сабжьеигеит. Хымԥада, снапала исааӡаз аԥстәы рыцҳасшьон, насгьы аблақәа ҭырхаха иансҿаԥшуаз, еиҳагьы амца сыцралон.

Акамбашь - Sputnik Аҧсны
Быжьшықәса ибжьаӡны иҟаз: зыҩныҟа амҩа зхамышҭыз акамбашь Бақәыль аҭоурых

Ԥсоу аҳәааҟны, Урыстәыла аган ала, Федиа иаиуз агәцаракра атәы аиҭаҳәара уадаҩуп. Аурыс ҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи еиԥхныҩуа акәын амаҵ шыруаз. Агәаран ҳақәмыргылакәа иахәҭаз азинтә қьаадқәа ҳарҭеит, амашьынаҟынӡа ҳнаскьаргеит.

3,5 сааҭ рыла Федиа ауаҭәа абҩа еидкыланы аҵәы ҭадыргылеит аԥҟаҩцәа. Ачарахь исшәысҵоит ҳәа ацкы ҿыц аасхәарц азы еидыскылаз аԥарагьы убраҟа инақәсырӡит.

Ауха аҩныҟа ҳанаауаз, Ԥсоу аҳәаа агәаран иқәгылаз рацәаҩын. "Счымазаҩ" рыцҳашьаны соузыжьыз ҟалеит, аха даҽа џьоукых "ацәа лцәахааит" ҳәа сышьҭахьҟа рыбжьқәа ааҭыргеит...

Ҩымз рышьҭахь Федиа ашьапы иқәгылеит. Уимоу ҳгәылацәа Камлиаа рыцгәаԥс ԥҳәысс аҩныҟа иаанагеит. Амала, хышықәса ааҵуаны, зегь акоуп "аҳәса ирықәӡит". Ныҟәара иахьцаз изымхынҳәӡеит…

© Foto / Саида ЖибаАцгәы Федиа
Апассаџьыр Џьек 25 мааҭ шахысшәааз, мамзаргьы Федиа сыҵкы ахә шахҭнысҵаз - Sputnik Аҧсны
Ацгәы Федиа

Ус егьа иҟазаргьы, сара сгәы арԥхоит ацхыраара аарԥшра ахьсылшаз, аԥстәы аганахь ала акәзаргьы. Амала, исымҳәарц залшом, Федиа ахьынӡасхәышәтәуаз агәыр ҟаҵашьа шысҵаз. Иахьа ауаагьы ирыласҵартә еиԥш аԥышәа сымоуп.

Убас исыман амакәанқәа ишырҭаз ахаа-мыхаақәа, ача, акәтыжь, асметана адәқьанқәа рҟынтә иӷьычны иаазгоз Дамшә. Кузеи иареи зны Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат рхы аладырхәхьан Гагра, астадион иқәланы ашьапылампыл асцәа ампыл рыцәгауа. Раԥхьаӡа амшын аҟәараҿы дара убарҭ ҳлақәа анегрцәа анырба ишыҵдырҟьаз, иара убас аусурахь исыцны ишцоз, акабинеҭ аӡәгьы дшыҩнарымҵоз уҳәа ирацәаӡоуп иахьа сгәалашәараҿы инхаз, сгәалаҟазаара шьҭызхуа "ҳашьцәа еиҵбацәа" ирыдҳәалоу ахҭысқәа.

Агәра ганы сыҟоуп, аԥстәқәа зцынхо ауаа аразҟы шрымоу, аԥсҭазааратә мҩа илахҿыхӡа ишану.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0