Урыстәыла атәылауаҩ 20 шықәса иқәырҵар алшоит анаркотикқәа рыҭиразы

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аметадони кокаини рымазаареи рыҭиреи рзы аӡбамҭа аднакылеит Шәача ақалақь Адлертәи араионтә ӡбарҭа.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә апрокуратура 42-шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауҩ, Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа алазгалоз иганахь ала ашьаус нанашьҭит аӡбарҭахьы.

"Аусҭҵаара аверсиала Х. 2018 шықәса лаҵарамзазы Санкт-Петербург 38,5 нызқьмааҭ рыхә анаркотикатә маҭәашьарқәа ааихәеит ишьақәыргылам ахаҿы иҿы. Иааихәеит 20 грамм аметадони граммк акокаини. Иара убри аҽны ҳаирпланла Шәачаҟа дааит. Аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа ахысырҭатә ҭыԥ "Адлер" ахь днеиит, Аԥсныҟа аҳәаа ахысра игәҭакны", - аҳәоит Краснодартәи апрокуратура адырраҭараҿы.

Ахаҵа ахылаԥшра апункт ахь даннеи дгәарҭеит, иагьидырбалеит анаркотикатә маҭәашьарқәа. Иара ахара идҵоуп УА АЗ ахәҭаҷ 229.1 ахәҭа 3еи УА АЗ ахәҭаҷ 228 ахәҭа 2 инарықәыршәаны.

Атәылауаҩ ахара идырҵаз дақәшаҳаҭхеит.

Урыстәылатәи афедерациа Ашьауӷатә Закәанеидкыла инақәыршәаны иара 10 шықәса инаркны 20 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0