Аҟәатәи ахыҵырҭаҿ амца арцәаразы Урыстәыла авиациа ацхыраара иазыԥшуп

Анапаҵаҩра
Абҵара 10 рзы Ԥсҳәы ақыҭа аганахь ала Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра ҟалеит, амца иамҽханакит 150-200 гектар абнара.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ахыҵырҭаҿ амца арцәаразы Урыстәыла авиациа ацхыраара аҟаҵаразы иаанашьҭуеит абҵара 15 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

"Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы абылра ԥкым, амца иамҽханакны иҟоуп абнара. Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи ҳколлегацәа ацхыраара ҟарҵарц азы аилацәажәарақәа мҩаԥаагеит. Аилацәажәарақәа рхы рыладырхәит атәыла аиҳабырагьы. Уажәы авиациа ҳзаарышьҭуеит. Иахьа инаркны амцарцәара ҳалагоит", - иҳәоит иара.

Убри аан Кәыҵниа иҳәеит амца зку абӷьоуп ҳәа.

"Аҵлақәа амца ркӡам. Ибылуа аҳаскьын-ҩеи абӷьыреи роуп. Иаҳзаарышьҭуа атехника иаҿырԥшны мышкы ма ҩымш рыла амца ҳарцәоит", - иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла аԥсуа ган иауалу атехника былтәыла аиқәыршәароуп.

 пожар на Сухумском перевале - Sputnik Аҧсны
Амца арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраара иазыԥшуп

Абҵара 10 рзы, амцакра шыҟалазҵәҟьа Ԥсҳәы ақыҭантәи абылра-еиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа уахь инеит, аха рымчқәа еизымхеит. Абҵара 11 рзы Аԥсны АҶА аминистр арҭ аҭыԥқәа вертолиотла дырхаԥрааит, аҭагылазаашьа иблала ибеит. Амца аҽеиҵнахит зызнеира уадаҩу аҭыԥқәа рҿы. Иаҭаххеит авиациа ахархәара. Аԥсны АҶА урыстәылатәи аиқәырхаҩцәеи дареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит авиациа ахархәаразы.

Иныҭкааны абылра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рхышәа-ҵышәа уажәазы ишьақәыргылам.

Амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа агәаанагра ыҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0