Баҭал Чежьиа Санкт-Петербург имҩаԥысыз еиндаҭлара ахҳәаа азыҟаиҵеит

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Батал Чежия
 Батал Чежия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баҭал Чежьиа Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы ақәгылара мҩаԥигеит абҵара 14, 2019 шықәса рзы Санкт-Петербург. Украинатәи аспортсмен Џьамал Усманови иареи рықәгылара еиҭахарала ихдыркәшеит.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиор Баҭал Чежьиа радио Spunik амҩаԥгаҩ изеиҭеиҳәеит Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы Санкт-Петербург иқәгылара аӡбаҩцәа ирыдыркылаз аӡбра дшақәшаҳаҭым.

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧежьиа дақәшаҳаҭым аӡбаҩцәа рылкаа
Баҭал Чежьиа Санкт-Петербург имҩаԥысыз еиндаҭлара ахҳәаа азыҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Чежьиа дақәшаҳаҭым аӡбаҩцәа рылкаа

"Аҭагылазаашьа амзыз рацәа амоуп. Акы – сара аамзы инарзынаԥшуа сықәымгылацызт, иаразнакы жәа-раундк иҟаз ақәгылара салахәхеит. Ҩба – сзындаҭлоз сара сеиҳа икапан дуун. Ус шакәугьы сара саҵахеит ҳәа схы сшьом. Ирацәаҩуп усеиԥш агәаанагара змоу аналитикцәагьы", - иҳәоит иара.

Баҭал Чежьиа иҳәеит Усманави иареи реиндаҭлара аҭыхымҭа деиҭашахәаԥшыз. Ихы бзианы иааирԥшит ҳәа ишишьо. Аӡбара ахашшаара аҭахны иԥхьаӡом.

Баҭал Ҷежьиа - Sputnik Аҧсны
Зегь рыла сыхиоуп: Баҭал Ҷежьиа ачемпион ихьӡ азы иқәгылара дахцәажәеит

"Аӡбамҭа рыԥсахып ҳәа сыҟам. Аӡбамҭа аԥсахраан аӡәы аҭакԥхықәра идлароуп. Уи адагьы ахашшаара амҩаԥгаразы аԥара азшәатәуп", - азгәеиҭеит иара.

Аиҭахарагьы лҵшәа бзиоуп. Уи адагьы уи ԥышәоуп ҳәа азиҳәоит Чежьиа.

Ақәгылараан аԥсуа боксиор 76 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара дықәгылараны дшыҟазгьы, Усманов абжьаратә капан азы ақәгылара мап ахьацәикыз азы 79 кьыла иҟоу ркатегориахь диасит. Уажәшьҭарнахыс скатегориа сыԥсахуам, исзаԥсам ҳәа азгәеиҭоит аспортсмен.

Чежьиа иара убасгьы иҳәеит аматч-реванш мҩаԥгазар шыцәгьамыз, аха Усманов икоманда уи мап ацәнакыр ҟалап, избанзар дара аиҭахара иааирак еиԥш иазнеиуеит.

22 шықәса зхыҵуа Баҭал Ҷежьиа иахьазы адунеитә реитинг аҿы 154-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Урыстәыла – икапантә категориала аабатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп.

Усманов 20 шықәса ихыҵуеит, адунеитә реитинг аҿы 190-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Украина – ахәбатәи аҭыԥ ааникылоит.

Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, 2017 шықәса рзы Анапа имҩаԥысуаз ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны даиааит, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәны Москва иқәгылараан акамерун Даниел Нигата дииааиуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0