Урыстәыла АҶА авертолиот Аҟәатәи ахыҵырҭа амцарцәара иаҿуп

Анапаҵаҩра
Авертолиот иамоуп аӡы атара зылшо иҷыдоу амыруга. Уи зныкала иаарту аӡеизгарҭаҟынтә хә-тоннак иреиҵамкәа аӡы атара алшоит. Уи аӡы азиа Амҭҟьал аҟынтәи иргоит.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла АҶА авертолиот асааҭ 16 аамҭазынӡа Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амца арцәаразы 20 хаԥраара имҩаԥнагахьеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

"Знык ала авертолиот хә-тоннак аӡы акәнаҭәар алшоит. Амцарцәара уаха ҵхыбжьонынӡа иара убас уаҵәгьы иаҿызаауеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аәҟатәи ахыҵырҭаҿы амцакра шыҟалаз Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ирбеит амҽыша ашьыжь абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы ақыҭа абылраҽацәыхьчаратә пост аусзуҩцәа рхала амца арцәара рылымшеит. Инықәырԥшу адыррақәа рыла, Аҟәатәи ахыҵырҭа шә-гектарк рҟынӡа амца акуп. Еиҳарак ибылуа иҩоу абыӷьқәеи аҳаскьыни роуп.

Аԥсны АҶ рзы аминистр Лев Кәыҵниа абҵара 11 рзы ибылуа аҭыԥ вертолиотла дахааԥрааны игәеиҭеит. Амца анеира ахьыуадаҩу ашьхара иамҽханакит, уи арцәара иҷыдоу авиациа мацарала ишалшо атәы иҳәеит.

Урыстәыла АҶА Аԥсныҟа иааит ахәаша, абҵара 15 рзы, раԥхьа ишьҭыԥрааит асабша, абҵара 16 рзы. Асааҭ 10:00 ҟалаанӡа уи иалшеит Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа иазааигәаны амца арцәара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0