Мшынла амцарцәара: урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200 Аԥсныҟа иааит

© МЧС Абхазииаҳаирплан-амфибиа Бе-200 Аԥсныҟа иааит
аҳаирплан-амфибиа Бе-200 Аԥсныҟа иааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахыҵырҭа амца шацралаз Аԥсны АҶА раԥхьаӡа ирбеит мчыбжьык аԥхьа. Уи иҷыдоу авиациала иумырцәозар, уаҳа ԥсыхәа амам.

АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла АҶА аҳаирплан Бе-200 Гагра араион аҟны амцарцәара иалагеит, абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

"Гәылрыԥшь араион аханы амца уажәшьҭа ирцәоуп, убри азы аҳаирплан Бе-200 Гагратәи араион ахь иҳашьҭит, уа макьана ашьхараҿы амцакрақәа ыҟоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аҳаирплан-амфибиа Бе-200 иакуеит 15 тонна аӡы. Аӡы амшын иҭыртоит, анаҩс аҳаирплан амца ахьаку ицаны иақәнаҭәоит.

© Foto / МЧС России Аҳаирплан-амфибиа Бе-200 амцарцәараан
Мшынла амцарцәара: урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200 Аԥсныҟа иааит - Sputnik Аҧсны
Аҳаирплан-амфибиа Бе-200 амцарцәараан

 

Уаанӡа АҶА аҟны адырра ҟарҵеит Урыстәылаҟа еиҭа ацхыраара шырҭаху азы аҳәара шынарышьҭыз. Аиқәырхаҩцәа русура алҩа ӷәӷәаны иахьықәчу аԥырхагоуп, уи акымзарак узалбаауам.

Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь.

Урыстәыла АҶА авертолиот Аҟәатәи ахыҵырҭа амцарцәара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла АҶА авертолиот Аҟәатәи ахыҵырҭа амцарцәара иаҿуп

Авиагәыԥ адгьыл аҟынтәи ацхыраара арҭоит Аԥсны АҶА аҟәшақәа, амцарцәаратә машьынақәа, рыцыԥхьаӡа 7,5 тонна аӡы рҭаҭәаны.

Абнақәа амца ркуп Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа рраионқәа иахьрыҵаркуа, абылра азеиԥш ҵакыра - 7-8 нызқь гектар ыҟоуп.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ашәахьа, абҵара 11 рзы вертолиотла амца ахьакыз аҭыԥқәа дырхаԥрааит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала.

Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200 адгьыл аҟынтәигьы аӡы ақәыԥшылараҟынтәигьы иқәԥраар алшоит. Уи еиҳарак рхы иадырхәоит амцарцәаразы, аԥшаар-аиқәырхаратә операциақәа раан, аӡтәы қәыԥшыларақәа рыхьчаразы. Уи иамоу аԥырра-техникатә ҷыдаҟазшьақәа ҳасаб рзууазар, аиԥш зеиԥшу адунеи аҿы иҟаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0