Ақалақьқәа рҟны алҩа: амца арцәара иаҿуп

© Foto / МЧС России Самолет-амфибия бе-200
Самолет-амфибия бе-200 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амцақәа рҟны абылрақәа шцац ицоит. Аԥснытәии урыстәылатәии амцарцәыҩцәа еицхырааны аҳауаҟынтәии адгьыл аҟынтәии амца арцәара иаҿуп.

АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Урыстәыла АҶА аҳаирплан Бе-200 амцарцәара иаҿуп ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҳаирплан–амфибиа амцарцәаратә машьынақәа рҟынтәи аӡы ҭарҭәеит. Бе-200 Гагра араион аҟны абнараҿ амцарцәара мҩаԥнагоит.

архив - Sputnik Аҧсны
Амцакра Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррагьы аҵанакит

Амцакра Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррагьы аҵанакит Доутәи ахыҵырҭаҿы ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа. Аха уажәы уа иалыршахеит амца ашьақәтәра.

АУН "Гәдоуҭатәи абнанхамҩа" абнахьчаҩ хада Геннадии Сыҷынаа ашәарыцаҩцәа, ахьшьцәа, атуристцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит аамҭала арҭ аҭыԥқәа рахь имнеиларц.

Ашьхараҿ абна амца шакыз гәаҭан абҵара 10 рзы. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ашәахьа, абҵара 11 рзы вертолиотла амца ахьакыз аҭыԥқәа дырхаԥрааит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан абри ашьҭахь.

Анаҩсан, АҶА адырра ҟарҵеит Урыстәыла АҶА ахь ацхыраара шырҭаху азы.

Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь.

Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0