Амца зку аҭыԥқәа реиҳарак шьҭа ишәарҭам

Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аҩхааҿы амца зкыз аҭыԥ ҿыцқәа гәаҭан абҵара 20 рзы. Уажәы урҭ рыхәҭак ырцәоуп Аԥсни Урыстәылеи р-АҶА аусзуҩцәа русеицура абзоурала.

АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. 60-70 процент рҟынӡа амца зкыз аҭыԥқәа ырцәоуп Аԥсни Урыстәылеи рымцарцәаҩцәа реицхыраарала ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Абҵара 20 рзы авертолиот Ми-8 58-нтә Гагра араион аҿы ашәарҭаратә ҭыԥқәа аӡы рықәнаҭәеит. Аҳаирплан Бе-200 аус ауан Аҟәа араиони Ҵабал ақыҭа иахьаҵанакуази. Иааидкыланы уи 25-нтә ихалеит аӡықәҭәаразы.

Абҵара 19 рзы амца ырцәоуп ҳәа адырра шыҟазгьы абҵара 20 рзы еиҭа аҭыԥқәак рҿы амца хәыҵҟьеит.

"Абҵара 19 рзы амца ырцәоуп ҳәа адырра шыҟазгьы абҵара 20 рзы еиҭа ҭыԥқәак рҿы амца хәыҵҟьеит. Уи шыҟалаз ҳаздырам. Иахьа шьыжьы инаркны уахь инеит аҳаирплан Бе 200", - иҳәоит Гындиа.

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара шьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0