Адәыӷба "Аҟәа-Москва" аҿы 300 сигареҭ ҭоԥ закәаншьаҭада имҩаныргон

© Foto / Пресс-служба сочинской таможниАдәыӷба "Аҟәа-Москва" аҟны аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада имҩаныргон
Адәыӷба Аҟәа-Москва аҟны аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада имҩаныргон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан хҩык апассаџьырцәа ирыдырбалеит закәаншьаҭада имҩаныргоз аҭаҭын аалыҵ.

АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Адәыӷба "Аҟәа - Москва" апассаџьырцәа 300 ҭоԥ асигареҭ рыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхра апресс-маҵзура.

"Акинологцәа злахәыз аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан хҩык апассаџьырцәа ирыдырбалеит аҭаҭын аалыҵ. Аԥсны атәылауаа ҩыџьа ирыдырбалеит 298 ҭоԥ асигарет (59 600 цыра) амандарина зҭаз ачемодан аҿы. Москватәи аобласт аҿы инхо аԥҳәыс 18 ҭоԥи 27 пачкеи асигареҭ (4 140 цыра) лыдырбалеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Административтә зинеилагара ҳәа аусҭҵаара нап аркуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп.

Ахатә хархәаразы Урыстәыла аҵакырахь алагалара ҟалоит 200 сигарет ма 50 сигара (сигарилл), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0