Аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа аевкалипт Аԥсны алгара азин ҟанаҵом

© Sputnik / Томас Тхайцукаевкалипт
аевкалипт  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҿыц ицәырҵыз аевкалипт абӷьы зфо ахәаҷа иахҟьаны Аԥсны аиҳабыра аҳәааҿы аԥкрақәа аларгалар акәхеит.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥсны аҵакыра иалганы аевкалипт агара аанкылоуп аевкалипт абӷьы хызфаауа ахәаҷа офелимус иахҟьаны ҳәа иҳәоит Аԥсны аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.

"Аҳәаахьчаратә карантинтә фитосанитартә инспекторцәа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Ԥсоуи" "Гали" рҟны иааныркылоит аевкалипт ахкқәа зегьы аҳәаа рахыгара", - иҳәоит иара.

Абри азы аусдҵа анагӡара рнапы иануп Аҳәынҭинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алмасхан Қьецбеи Аҳәаахьчаратә карантинтә фитосанитартә инспекторцәа реиҳабацәеи.

Офелимус – амҵәыжәҩа змоу маҵоуп. Аевкалипт иачычоуп. Аевкалипт абӷьы зыԥшшәы шкәакәоу ашәытақәа рыла ихнаҩоит. Дара аамҭақәак рышьҭахь иҩоит, икаԥсоит. Аҵла ахаҭа хәыҷызар иҩоит. Аҵла дуқәа рызҳареи рыҿиареи аангылоит.

Офелимус 10–мш заҵәык роуп аԥсы ахьҭоу, аха абри аамҭа иалагӡаны 700 кәтаӷь аҵоит.

Раԥхьаӡа акәны иара азгәарҭеит 2019 шықәса рзы Гагра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0