Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы "Трахикарпус" апальмахк еиҭарҳауеит

CC0 / / Пальма
Пальма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" анапхгара Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿи Леон имҩаду аҿи "Трахикарпус" захьӡу 20 рҟынӡа пальмашьапы еиҭарҳауеит.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Трахикарпусқәа" жәба асасааирҭа "Абхазия" аҿаԥхьа еиҭарҳауеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афирма "Континенталь" аҳасабеилыргаҩ хада Лиана Арышԥҳа.

"Ари ҳ-директор Владимир Михаил-иԥа Бигәаа иаԥшьгамҭоуп. Ажәытә ҭыхымҭақәа зегьы рҿы асасааирҭа акәша-мыкәша апальмақәа шеиҭаҳаз убоит", - лҳәоит лара.

Ҩышықәса раԥхьа абри аҭыԥ аҿы еиҭарҳахьан "Трахикарпусқәа" 14 цыра. Аха урҭ хԥа рыда зымӷьацеит.

"Аҽазныкгьы аиҭаҳара мҩаԥаагарц ҳаӡбеит. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿи Леон имҩадуи рҿы "Трахикарпус" захьӡу 20 рҟынӡа пальмашьапы еиҭарҳауеит", - ҳәа азгәалҭеит Лиана Аршԥҳа.

Асасааирҭа "Абхазия" 1930 шықәса рзы еицырдыруаз асовет архитектор Владимир Шьчуко иргылеит. Иара аҵакыра 30 000 метр ԥшьыркца иҟоуп.

Здание гостиницы Абхазия на улице Руставели в Сухуми - Sputnik Аҧсны
Асасааирҭа "Абхазия" аиҭашьақәыргылара иалагеит

Асасааирҭатә комплекс ахь иаҵанакуан еиуеиԥшым ахыбрақәа: аӡҭарчы, акаҳуажәырҭа, ақьафурҭа. СССР усҟантәи аамҭазы иреиӷьыз сасааирҭаны ишьан.

"Абхазия" 1985 шықәса рзы иҟалаз амцакра иахҟьаны иблит.

2007 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы Аԥсны Апарламент аҿы ирыдыркылеит "Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" ахатәтәразы" азакәан. Иара хатәтәра иагеит аилахәыра "Континенталь". Аҳәынҭқарра иазшәан 73 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0