Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәа, ацәашьы аԥсра ақьабз иадҳәалоу ихадароу атрибутуп. Аишәаргыларақәа раан ацәашьы адыркуеит, аԥсхәраангьы атәарахьы инеиаанӡа асыкәмал хырҵоит, ацәашьқәа инаргаз адыркуеит. Агәлымҵәах дахьыԥсыз ашьамаҟа ҟаҵаны инаргоит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ақыҭеи ақалақьи реинырра

Ишдыру еиԥш ақалақь уааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳахацыԥхьаӡа урҭ рыбзазарагьы иҿыцу ашьақәгыларахь ииасуеит. Ақалақь ахь нхара ииасыз рыуа-рҭынха ақыҭаҿы ишыҟоу ала, дара ақыҭауаа рахьгьы ақалақь ԥсҭазаара аҟәырҷахақәа ииаргоит. Убри акәхап, уаанӡа ԥсышәа мацарала ицәажәоз ақыҭагьы даҽа бызшәакгьы рхы иадырхәо убо иахьыҟалаз зыхҟьогьы.

Ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи

Абызшәа мацарагьы акәым, ақьабзқәагьы ақалақь ҟазшьа аархәоит, аҽырԥшӡарахь ииасуеит. Аиуара, агәакьара акыр иӷәӷәаны ишыҟоугьы, зны-зынла иузцәырҵуеит агәаанагара аԥсрақәеи ачарақәеи раан ауп рыуа-рҭынха аныргәалашәо ҳәа.

Убас ақалақь ԥсҭазаара анырра анаҭеит аԥсхәрақәа руышьагьы. Џьара-џьара аҭаца дгылам акәымзар, чарак иаҩымсуа аԥсхәрагьы руеит. Иага ус акәзаргьы ихадароу ақьабзқәа рымҩаԥгара шьақәханы иҟоуп. Мыш ҩынҩажәа, мамзаргьы ҩынҩажәижәаҩа есыхәылбыҽха аишәа дыргылоит, ацәашьы адыркуеит. Уинахыс ашықәсынӡа – ԥшьашала (аԥсылманцәа), сабшала (ақьырсианцәа) иҟарҵоит. Убраанӡа аԥсы аҩнаҭаҿы иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Уаанӡа аԥсхәрақәа рахь ааԥхьара ҟарҵомызт, анеира ахәҭоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз ихала еиликааны, аԥсхәы аныруаз иҽақәиршәон. Ҳаамҭазы "асписок" ҟаҵаны ауаа нарыԥхьоит. Аҳәса ачыс, ацәашьы ҟаҵаны инаргоит.

Ашьамаҟа

Ацәа, ацәашьы аԥсра ақьабз иадҳәалоу ихадароу атрибутуп. Аишәаргыларақәа раан ацәашьы адыркуеит, аԥсхәраангьы атәарахьы инеиаанӡа асыкәмал хырҵоит, ацәашьқәа инаргаз адыркуеит.

Ачысхаақәа - Sputnik Аҧсны
Иҵасхәым ачыс, мамзаргьы ачгахьа аҽшаԥсахыз

Агәлымҵәах дахьыԥсыз ашьамаҟа ҟаҵаны инаргоит. Ашьамаҟа – ари метрак аҟара аура змоу, ажәпарагьы аманы хԥа, ма ԥшьба еихагыла змоу ацәашьы ауп. Уи аҿагыларақәагьы аҭаны ачабрақәа, ахаа-мыхаақәа аҭаны ирԥшӡаны иҟарҵоит. Иахьатәи аамҭазы ашьамаҟа аҟаҵашьа здыруа маҷуп. Аамҭаказы уи шьҭа аҟаҵара иаҟәыҵхьеит ҳәа рҳәо уаҳауазҭгьы, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уи аҟаҵашьа здыруа ауаа рыԥшаауа, иддырҟаҵо, мамзаргьы зхала иҵаны иҟазҵогьы ҟалеит. Иҟалап уи зыхҟьо аԥсрақәа ахьырацәахаз акәзар, аиҳаракгьы аҿар рыҩныҵҟа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАшьамаҟа
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны
Ашьамаҟа

"Ашьамаҟа ззыҟаҳҵаша аԥсра Анцәа иаҳзааумган! Ашьамаҟа – агәлымҵәах дахьыԥсыз иҟарҵоит. Саҳәшьаԥа даныԥсыз, идагьы дрымаӡамызт, убасҟан иҟасҵеит, уиаахижьҭеи саҿуп, абра акы аныҟало исарҳәоит иаҳзыҟаҵа ҳәа. Хҩык ыҟазароуп ианыҟауҵо. Иҟазҵо сара соуп, аха егьырҭ ҩыџьа аршараҟны исыцхраауеит. Сара саншьа иԥҳәыс лоуп исзырҵаз", – ҳәа ҳалҳәеит Оҭҳара ақыҭа инхо Ира Қапба–Аиба.

© Foto / предоставила Есма ҬодуаԥҳаИра Каԥба- Аиба
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны
Ира Каԥба- Аиба

Иазгәаҭатәуп, ашьамаҟа ҟазҵо аԥсра ахьыҟалаз аԥшәмацәа ракәӡам, ирзааигәаӡоу аӡәы иҟаҵаны аԥсхәраҿы инаигоит. Уи аиаҳәшьа лакәзар ауеит (лашьа иԥа, ма лаҳәшьаԥа изы). Ацәашьы азыркуагьы аԥҳәыс еиба лакәзар ауп. Ира Қапба ҳара иаҳзеиҭалҳәеит лара ашьамаҟа шыҟалҵо атәы:

"Аҩымсаг ахәҵәқәа жәаба абас иааидыскылоит, ԥшьба еихаргыланы иҟасҵоит сара, хԥа ҟауҵаргьы ҟалоит, метрак ҟалоит абас. Аамышьҭахь, ақьафын ҳәа иҟамзи анкьа, убри ацәа аарӡыҭны, иара убра илӡаабшьуеит, икьакьаӡа иҟалоит. Нас аҩымсаг аҿы иакәырша-акәыршаны иҟаҵаны, аметра абас иҟалоит. Нас убри нахыс ацаха ирша-ыршаны, иаакәыршаны иҟабҵоит, нас ацәа ҩахьшьны, еиқәҵа-еиқәҵаны иҟауҵоит. Убри аамышьҭахь, ачуан хәыҷ аҿы ацәа рацәаны ибырӡыҭуеит, нас убри иӡаашьны ихшьуа, иӡаашьны ихшьуа, ас иааҟабҵоит. Ианаахьшәашәалак, ана аныи бҩымсаг иҟабҵаз иакәыршо бҿынабхот. Нас ани аҩымсаг ахәҵәы иахьуҭахыу иурхәот, "астул" асҭоит ирхәаны. "Астул" ҳәа сызҿу акы зқәуҵаша, уа апапироз бҭахума, ачабра, акамфеҭқәа…"

Иҳәатәуп, ҳинформант ишазгәалҭаз ала, амдырра иахырҟьаны иара ашьамаҟа аҟаҵарагьы аԥсхәра "арԥшӡаразы" ҳәа, мамзаргьы рхьаа шдуу алаарԥшразы иҟазҵарц зҭаху шыҟоугьы, уи иԥсыз даныгәлымҵәахымгьы. Убас, уи аӡәы илыдылгалеит лаб изы аҟаҵаразы, аха "нан, ашьамаҟа ззыҟашәҵаша Анцәа ишәзааимгааит" ҳәа мап ацәылкит.

Абас мыцхәы "аҽырԥшӡара" аиакәымқәа унарҟаҵар ҟалоит. Абзиара ҳҳәалааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0